Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: РУСДРАМ Новокузнецки, Горно-Алтаиски, Ҭаҭарсҭани ақәгыларақәа ртәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: РУСДРАМ Новокузнецки, Горно-Алтаиски, Ҭаҭарсҭани ақәгыларақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр (РУСДРАМ) сынтәа фынтәны иалахәуп Урыстәыла акультура аминистрра имҩаԥнаго апрограмма "Агастроль дуқәа". Рашәара 19 инаркны 29-нӡа РУСДРАМ Сибратәи афедералтә ҳәааҭеи Ҭаҭарсҭан Ареспубликеи рҟны иқәгылеит.
Агастрольқәа алагеит Кемеровтәи аобласт Новокузнецк ақалақь аҟынтәи, ахәаԥшцәа идырбан "Ахаҵа ԥшӡа", "Ишьаарҵәыроу ачара". Рашәара 24-25 рзы арҭ аспектакльқәа рыла РУСДРАМ ықәгылеит даҽа сибратәи қалақьк - Горно-Алтаиск аҟны.
Рашәара 28 рзы Аҳәаанырцәтәи Аурыс театрқәа ахәбатәи Жәларбжьаратәи рфестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны РУСДРАМ актиорцәа ықәгылеит Набережные Челны.
Агастрольқәа рылҵшәақәеи, афестивальтә ԥышәа арҭбаареи, ақалақьқәа рыдкылашьеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр арежисиор, актиор Џьамбул Жорданиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0