Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" аҳәаақәа ирҭагӡаны асалам шәҟәқәа рыдкылара хыркәшоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Проект “Искусство без границ”
Проект “Искусство без границ” - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2023
Анапаҵаҩра
"Аҟазара ҳәаадоуп" - афонд "Ашанеи" Аурыс драматә театри еицымҩаԥырго проектуп, аинформациатә дгылара анаҭоит Sputnik Аԥсны. Апроект азы ахшыҩҵак лызцәырҵит Анна Савилова.
АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. "Аҟазара ҳәаадоуп" аҳәаақәа ирҭагӡаны асалам шәҟәқәа рыдкылара хыркәшахеит рашәара 30 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит акультура-гәыҳалалратә фонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Хыхьынтә адгьыл ахь: Данил Павлиук игәазыҳәара шынагӡахаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2023
Хыхьынтә адгьыл ахь: Данил Павлиук игәазыҳәара шынагӡахаз
"Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны зынӡа 48 шәҟәы ҳауит. Зылшарақәа ԥку рҟынтәи 18 шықәса зхыҵуа рҟынӡа шакәыз асалам шәҟәқәа шҳадаҳкылозгьы, 25-30 шықәса зхыҵуазгьы ргәазыҳәарақәа ҳацеиҩыршеит", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Ишазгәаҭаз еиԥш, РУСДРАМ асценаҿ аспектакль ақәыргылараз арежиссиор Џьамбул Жорданиа зықәра намӡац рышәҟәкәа мацара роуп иалихуа. Аха ақәра иахьмарԥшыкәан, дарбанзаалак ргәазыҳәара азҿлымҳара аҭахоит иагькьыԥхьхоит апроект аинформациатә дгылара азҭо Sputnik асаит аҟны ҳәа лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Арежиссиор асценари аҩра далагоит.

"Ари адагьы ҳпроект аҽеиҵнахит. Ауаа ирымоу ауадаҩрақәа ртәы ҳзырыҩуа иалагеит, иааԥшит ауадаҩрақәа маҷымкәан. Ирацәаҩуп зылшарақәа ԥку аҩреи аԥхьашьеи ззымдыруа, ианаамҭаз аҵарадырра иаднамкылаз. Ҳапроект аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым азҵаарақәа шьҭаҳхлоит, ҳтәылаҿы зылшарақәа ԥку ауаа рыԥсҭазаара арманшәаларазы", - ҳәа лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Уи адагьы, ҳапроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иаашьҭыз асалам шәҟәқәа, ацхыраара аҟаҵараз зыбжьы ақәзыргаз ҳауаажәлар рацәаҩуп. Иара убас ргәазыҳәарақәа нагӡан Семион Кочеткови, Анри Аргәыни, Данил Павлиуки.
"Аҟазара ҳәаадоуп" апроект ахықәкы хада - зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа асоциалтәи акультуратәи усқәа ралархәра. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны зылшарақәа ԥку ауаа иаарышьҭит рхатәы ҭоурыхқәа, ргәазыҳәарақәа ахьаарԥшыз.
Ажәабжьқәа зегьы
0