Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа аушьҭымҭацәа ашкол иахьалгаз рыдиныҳәалеит

© Foto / Администрация Президента Республики Абхазия Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса рзы Аԥсны иҟоу ашколқәа 153 ирылгеит 1777-ҩык аушьҭымҭацәа, урҭ рахьтә ԥшьҩык хьтәы медалла рҵара хдыркәшеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла аушьҭымҭацәа ашкол иахьалгаз рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ахада инаҵшьны иҳәеит аушьҭымҭацәа зегьы баҩхатәрак-баҩхатәрак шрымоу, раԥхьаҟа ирзыԥшу аусқәа рҟны ишхьамҵуа, рыԥсадгьыл аҿиарамҩа ишацхраауа.
"Агәраганы сыҟоуп шәара шәгәы иақәшәо, иақәнагоу, шәаԥхьаҟа ақәҿиара дуқәа шәзаазгаша азанааҭқәа шалышәхуа. Ҳаҭыр зқәу 2023 шықәсазтәи аушьҭымҭацәа, ишәхашәмыршҭын Аԥсны Аҳәынҭқарра шшәызгәыдуу, шәнапы злашәкуазаалак аус аҟны ишшәыцхраало", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада аушьҭымҭацәа ирзеиӷьеишьеит иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭалараан аԥышәарақәа қәҿиарала иарҭарц, рыԥсҭазаараҿы аиааирақәеи, анасыԥи, аизҳазыӷьареи рзыԥшызарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0