https://sputnik-abkhazia.info/20230704/asny-irgaladyrsheit-abatalion-gorets-aibashtsa-1046709630.html
Аԥсны иргәаладыршәеит абаталион "Горец" аибашьцәа
Аԥсны иргәаладыршәеит абаталион "Горец" аибашьцәа
Sputnik Аҧсны
Ԥхынгәы 4, 1993 шықәса рзы абатальон "Горец" Ҳабҩықә ақәцәан итәарц адҵа рыман. Адесант ашьхаҿы атәара иахьӡаанӡа ақырҭуа гвардееццәа амца рыжәырҵеит. 46–ҩык... 04.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-04T15:25+0300
2023-07-04T15:25+0300
2023-07-04T15:25+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/04/1046703768_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_ec8a7beb7eb5fafba89702d7e90b4253.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иргәаладыршәеит абаталион "Горец" аибашьцәа. Абаталион "Горец" аибашьцәа, урҭ рыуацәа, рҩызцәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Анаҩс аветеранцәа 30 шықәса раԥхьа адесант ахьтәаз ашьха Ҳабҩықә ахь ихалеит.Леон иорден занашьоу Зураб Қәачахьиа иажәақәа рыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы ари арыцхә реиҳа игәыҭшьаагақәоу иреиуоуп. "Акыр иаҳцәыуадаҩуп ари арыцхә агәаларшәара. 46-уаак Гәдоуҭантәи ҳаҵԥрааит. Ҳабҩықә ашьха ҳхы ақәкны ҳнеиуан. Уаҟа ҳара ҳтәқәа ҳзыԥшызар акәын. Аха аоперациа қәҿиара амаиуит. Ақырҭцәа ҳнеира иазыԥшын. Аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит. Амца зкыз ҳверталиот аҭыҵра зылшаз ҟалеит. Аӷа аҭак аниоу, маҷк дхьаҵит. Ҳара ауаа рацәа ҳцәыӡит. Ари рыцҳара дуӡӡоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәачахьиа. Ԥхынгәы 4, 1993 шықәса рзы ажәыларатә операциаан абатальон "Горец" Ҳабҩықә ақәцәан итәарц адҵа рыман. Адесант ашьхаҿы атәара иахьӡаанӡа ақырҭуа гвардееццәа амца рыжәырҵеит. 46–ҩык рҟынтәи еиқәхеит 17-ҩык. 29-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 5–ҩык хабарда ибжьаӡит. 1993 шықәса ԥхынгәы аҽеиҩшамҭазы Вианор Ашба зхадараҿы дыҟаз аибашьцәа аӷа Ҳабҩықә дықәырцеит. 2015 шықәса рашәара 4 рзы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы имҩаԥысит аҳаирплан иҭаблыз абаталион "Горец" алахәылацәа анышә реиҭамадара. Ԥхынгәы 4, 2019 шықәса рзы Ҳабҩықә иаадыртит ажәыларатә операциаан иҭахаз ирызку абаҟа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/04/1046703768_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_9dd16a2ad6a59133f8317c1957315757.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны иргәаладыршәеит абаталион "Горец" аибашьцәа
Ԥхынгәы 4, 1993 шықәса рзы абатальон "Горец" Ҳабҩықә ақәцәан итәарц адҵа рыман. Адесант ашьхаҿы атәара иахьӡаанӡа ақырҭуа гвардееццәа амца рыжәырҵеит. 46–ҩык рҟынтәи еиқәхеит 17-ҩык.
АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иргәаладыршәеит абаталион "Горец" аибашьцәа.
Абаталион "Горец" аибашьцәа, урҭ рыуацәа, рҩызцәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Анаҩс аветеранцәа 30 шықәса раԥхьа адесант ахьтәаз ашьха Ҳабҩықә ахь ихалеит.
Леон иорден занашьоу Зураб Қәачахьиа иажәақәа рыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы ари арыцхә реиҳа игәыҭшьаагақәоу иреиуоуп.
"Акыр иаҳцәыуадаҩуп ари арыцхә агәаларшәара. 46-уаак Гәдоуҭантәи ҳаҵԥрааит. Ҳабҩықә ашьха ҳхы ақәкны ҳнеиуан. Уаҟа ҳара ҳтәқәа ҳзыԥшызар акәын. Аха аоперациа қәҿиара амаиуит. Ақырҭцәа ҳнеира иазыԥшын. Аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит. Амца зкыз ҳверталиот аҭыҵра зылшаз ҟалеит. Аӷа аҭак аниоу, маҷк дхьаҵит. Ҳара ауаа рацәа ҳцәыӡит. Ари рыцҳара дуӡӡоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәачахьиа.
Ԥхынгәы 4, 1993 шықәса рзы ажәыларатә операциаан абатальон "Горец" Ҳабҩықә ақәцәан итәарц адҵа рыман. Адесант ашьхаҿы атәара иахьӡаанӡа ақырҭуа гвардееццәа амца рыжәырҵеит. 46–ҩык рҟынтәи еиқәхеит 17-ҩык. 29-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 5–ҩык хабарда ибжьаӡит.
1993 шықәса ԥхынгәы аҽеиҩшамҭазы Вианор Ашба зхадараҿы дыҟаз аибашьцәа аӷа Ҳабҩықә дықәырцеит. 2015 шықәса рашәара 4 рзы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы имҩаԥысит аҳаирплан иҭаблыз абаталион "Горец" алахәылацәа анышә реиҭамадара.
Ԥхынгәы 4, 2019 шықәса рзы Ҳабҩықә иаадыртит ажәыларатә операциаан иҭахаз ирызку абаҟа.