https://sputnik-abkhazia.info/20230705/afedkheilak-urystylei-asni-rybzhara--tylauarak-aiurazy-aishaara-shanareit-1046733431.html
Афедхеилак Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит
Афедхеилак Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит
Sputnik Аҧсны
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2022 шықәса цәыббра 27 рзы. 05.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-05T15:19+0300
2023-07-05T15:19+0300
2023-07-05T15:53+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102235/17/1022351753_0:187:2974:1860_1920x0_80_0_0_77fb0d6524689a82bd5fcaea80f803c5.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Афедерациатә хеилак Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит. Имариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиушьа аусмҩаԥгатә уи иаҵанакуа акатегориақәеи иазырхиатәны иҟоу адокументқәа реиқәыԥхьаӡеи ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада хаз игоу иӡбрала. 14 шықәса рҟынӡа зхымҵыц ахәыҷқәа рҭаацәа ртәылауаҩра роуеит, ахәыҷы атәылауаҩра змам хаҿны алымшоны. Убри аан аҭаацәа ртәылауаҩра аҽаԥсахуазаргьы ма аҭаацәа рзин рымырхуазаргьы иара ахәыҷы итәылауаҩра аҽаԥсахӡом. Ҩ-ҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу ахаҿқәа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны асоциалтәи амедицинатәи амаҵзурақәа, аҵарадырра роур рылшоит. Арра зхызгар зыхәҭоу, ҩ-тәылауаҩрак змоу ахаҿқәа аррамаҵзура иахысроуп иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо атәылаҿы. Егьи атәылаҿы дара аррамаҵзура ахысраҟынтә рхы иақәиҭтәуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102235/17/1022351753_122:0:2853:2048_1920x0_80_0_0_5c6a0001e8baab07725f4b060492f3cf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аполитика
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аполитика
Афедхеилак Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит
15:19 05.07.2023 (ирҿыцуп: 15:53 05.07.2023) Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2022 шықәса цәыббра 27 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Афедерациатә хеилак Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.
Аиқәышаҳаҭраҿы ишарбоу ала, аиқәшаҳаҭра аганқәа руак атәылауаҩ азин имоуп итәылауаҩра мап ацәымккәа егьи аган атәылауаҩра иоур.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Имариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиушьа аусмҩаԥгатә уи иаҵанакуа акатегориақәеи иазырхиатәны иҟоу адокументқәа реиқәыԥхьаӡеи ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада хаз игоу иӡбрала.
14 шықәса рҟынӡа зхымҵыц ахәыҷқәа рҭаацәа ртәылауаҩра роуеит, ахәыҷы атәылауаҩра змам хаҿны алымшоны. Убри аан аҭаацәа ртәылауаҩра аҽаԥсахуазаргьы ма аҭаацәа рзин рымырхуазаргьы иара ахәыҷы итәылауаҩра аҽаԥсахӡом.
Ҩ-ҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу ахаҿқәа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны асоциалтәи амедицинатәи амаҵзурақәа, аҵарадырра роур рылшоит.
Арра зхызгар зыхәҭоу, ҩ-тәылауаҩрак змоу ахаҿқәа аррамаҵзура иахысроуп иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо атәылаҿы. Егьи атәылаҿы дара аррамаҵзура ахысраҟынтә рхы иақәиҭтәуп.