Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Очамчыра амшын аԥшаҳәаҿы ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс рыԥсахуеит

© Foto / АГТРК Благоустройство набережной Очамчыры
Благоустройство набережной Очамчыры   - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Очамчыра араион ахадара аԥара азоурыжьит амшынԥшаҳәаҿы ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс аԥсахреи аспорттә ҽазыҟаҵарҭатә ҭыԥқәа рышьақәыргылареи рзы.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Отар Акаба иажәақәа рыла, аусурақәа ииасыз ашықәс аан ирылагахьан. Усҟан ауп апальмақәеи атуиақәеи анеиҭарҳаз, алашарбагатә шьаҟақәа андыргылаз. Уажәы ашьаҟамҩаҿы ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара актәи ахәҭа хдыркәшеит.
"Ахаҳәҟьаԥс шьҭаҵоуп амшынԥшаҳәаҿ аныҟәарҭа иахьалагонтәи Аконституциа ашҭаҟынӡа. Зынӡа - 1200 метра. Уажәшьҭа иара иацырҵоит акурорт-гәырзҩыдаратә центр "Амшынеиқәатә бырлаш" аҟынӡа. Иаанханы иҟоуп 1,5 километра. Иааидкыланы ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс ықәырҵоит 2,5 километра рҿы”, - ҳәа иҳәеит Акаба.
Иара убасгьы иааиуа амшқәа рзы иазгәаҭоуп аспорттә ҽазыҟаҵаратә ҭыԥқәа раартра.
“Аусурақәа зегьы хыркәшоуп, адәынтәи аусурақәа рыда. Урыстәылантәи аматериал ҳазыԥшуп. Арезина иалху аматериалҿырп ықәрыԥсараны иҟоуп", - ҳәа иҳәеит анардадатә еиҿкаара апрораб Асҭамыр Кәакәасқьыр.
Аспорттә дәы ахарџьынҵа 1 мил 900 нызқьмааҭ ыҟоуп. Урҭ аҭыԥантәи абиуџьет иалгахоит.
Очамчыра араион ахадара ирыгәҭакуп амшынԥшаҳәаҿы х-скульптурак рықәыргылара. Дара аартхоит ақалақь амш ԥхынгәы 15 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0