Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы имҩаԥысит амчратә усбарҭақәа реицҽазыҟаҵарақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Поездка в Сухумский аэропорт
Поездка в Сухумский аэропорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2023
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә отриад аусзуҩцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа, АҩАР иҷыдоу аотриад, Атәылахьчара аминистрра арра-ҳаиртә мчқәа русзуҩцәа.
АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы имҩаԥысит амчратә усбарҭақәа реицҽазыҟаҵарақәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ апресс-маҵзура.
"Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза хара имгакәа аиҭашьақәыргылара иахьалаго ҳасаб азуны, изыхәҭоу амчратә усбарҭақәа, раԥхьа инаргыланы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахылаԥшрала имҩаԥган аҽазыҟаҵарақәа ари агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ аҟны аоперативтә ҭагылазаашьа аҽеиҭанакуазар, уи ишақәнагоу азхиазаара алыршара хықәкыс иҟаҵаны", - ҳәа адырра ҟаиҵеит АШәМ аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов.
Амчратә усзуҩцәа ирымаз "асценари" ала, аҳаирбаӷәазаҿы итәаз аҳаирплан шьоукы ирҳәынҷеит. Ари ахҭыс азы адырра роуит аҳәаахьчаратә усбарҭақәа, ацәгьоуцәа ирҿагыларазы иҷыдоу ахықәкы змоу аотриад ирыԥхьеит, иара убас ауаа рацәа злахәу аилаҩеиласрақәа ҟаларц урҭ ирыцлеит АҩАР иатәу иҷыдоу аотриад.
Аҽазыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп аҭагылазаашьа аншәарҭахалак агәыԥқәа зегьы ишақәнагоу аҽеимадашьа иақәшәарц аҟаҵара. Латипов иажәақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәа қәҿиарала имҩаԥысит.
Вице-президент проверил готовность нового подразделения Минобороны Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2023
Аԥсны
Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҟәша ҿыц ахиазаара гәеиҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0