Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәеи Москвеи рыбжьара аусеицура иалацәажәеит Аслан Бжьаниеи Сергеи Чериомини

© Sputnik / Томас Тхайцук Президент Аслан Бжания принял министра правительства Москвы Сергея Черемина
Президент Аслан Бжания принял министра правительства Москвы Сергея Черемина - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2023
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадареи Москва аиҳабыреи ԥхынгәы 8 рзы аусеицуразы апрограмма анапаҵаҩра азгәаҭаны ирымоуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент аиҳабы Сергеи Чериомини реиԥылара мҩаԥысит.
"Аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ҳзы Москва Ҳаԥсадгьыл Ду ҳәа ҳзышьҭаз иаҳҭнықалақьны ишыҟаз иаанхеит. Даара агәахәара снаҭоит Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәеи шәареи аизыҟазаашьа ҷыдақәа ахьшәыбжьашәҵо", - иҳәеит Бжьаниа, асас аԥсшәа иаҳәо.
Сергеи Чериомин Аԥсны ахада Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭарахь ааԥхьара ахьииҭаз иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
"Иахьа Аԥсны иҟоуп Москва аиҳабыра рделегациа ду. Еиуеиԥшым адепартаментқәа ирхаҭарнакцәоу сколлегацәа реиԥш уи иалахәуп москватәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакцәагьы. Иазгәаҭаны иҳамоуп анаплакқәа рыбжьара активла аусеицура, атуризм аусхк аҟны аинвестициақәа радԥхьалара. Иазгәаҭатәуп атуризм азы Аԥсны еиҳа иргәаԥхо хырхарҭаны ишыҟоу", - иҳәеит Чериомин.
Ареспублика атуризм аганахьала алшара дуқәа амоуп, аҿиара иацхраатәуп иҳәеит иара.
"Аҟәа ақалақь ахадареи Москва аиҳабыреи аусеицуразы апрограмма анапаҵаҩра азгәаҭаны ирымоуп. Агәахәара снаҭоит ҳаимадарақәа активла иахьыҿио. Мышқәак раԥхьа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр даҳҭан, амҩатә ныҟәара ахылаԥшразы Ацентр назлоу аобиектқәа ҭиҵаауан. Ари шәара шәҿы иактуалтәу проблеманы ишыҟоу здыруеит. Амҩаҿ ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбараҿы излаҳалшо ала ацхыраара ҟаҳҵалоит", - иҳәеит Сергеи Чериомин.
Рабочая встреча Роберта Киут и статс-секретаря - заместителя министра внутренних дел Российской Федерации Игоря Зубова. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2023
Аԥсны
Аԥсны ААР аиҳаби Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩи реиԥылара мҩаԥысит
Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит ишазԥхьагәаҭоу агәабзиарахьчара, аҵарадырра русхк аҟны Москвеи Аҟәеи реинырра.
"Амедицинатә хархәагақәа рзы ацхыраара шәаҳҭалоит. Абжьаратә ҵара ахаҭабзиарала Москва иахьа адунеи аҿы аԥыжәара змоу қалақьуп. Аус ауеит иуникалтәу аплатформа "москватәи аелектронтә школ". Ара ҳахьынӡаҟоу уигьы ҳалацәажәар ҳҭахуп", - иҳәеит Чериомин.
Аиԥылара хыркәшо, Аслан Бжьаниа даҽазныкгьы москватәи аделегациа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит хаҭалатәи аимадарақәа аусеицуразы ишхәарҭа дуу.
Ажәабжьқәа зегьы
0