Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҩыџьа урыстәылауаа рымҵарсразы агәҩара ззыҟоу ауаҩы даанкылоуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧеловек в наручниках
Человек в наручниках - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылауаа Леонид Шоклери Исмаил Шеихи рыхәԥса аҵхразы ирӷьычит 2023 шықәса мшаԥымзазы.
АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Гал араион Отобаиа ақыҭан дааныркылеит уаанӡа зны иааныркылахьаз Арасаӡыхь ақыҭа анхаҩы Гиа Данелиа, иара гәҩарас дрымоуп сынтәа мшаԥымзазы ҩыџьа урыстәылауаа мҵаирсит ҳәа. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны Апрокуратура хада.
43 шықәса зхыҵуа Данелиа ишьҭан. Иара харас идырҵоит анаркотик рацәаны иӷьычит, автомашьына зинда игеит, аԥара иҵхразы мчыла ауаҩы диӷьычит, имаз мчыла имихит, арҳәра ҟаиҵеит ҳәа. Арҭ ацәгьоурақәа зегьы гәыԥҩык еицыҟарҵеит заа еибыҳәаны.
Аӡбарҭа ишаӡбаз ала, Гиа Данелиа ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп, 2023 шықәса цәыббрамза 4 рҟынӡа.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2023
Аԥсны
Ҩыџьа урыстәылауаа рӷьычразы ф-ҩык Аԥсны атәылауаа аанкылоуп
Аусӡбара агәаанагарала, Урыстәыла атәылауаҩ Леонид Шоклер дырӷьычит мшаԥы 14 асааҭ 18:30 рзы ахәаахәҭратә комплекс "Аҟәа-маркет" аҿаԥхьатәи амашьынаргыларҭаҟынтә. Иара Аҟәа араион Ачадара ақыҭахь днаганы иқәымҽыӷит. Мшаԥы 18 рҟынӡа Шоклер ҭыԥк аҟынтәи даҽа ҭыԥк ахь диаргон, иан ацәгьоуцәа 5 000 доллар аԥара рзаалышьҭаанӡа. Абри ашьҭахь иара ихы дақәиҭыртәит.
Исмаил Шеих дырӷьычит мшаԥы 19 асааҭ 14:30 рзы Шоклер аамҭала дахьынхоз аҟынтә. Иара джьаны Гал араион Оқәым ақыҭахь дыргеит. Шеих абналара илшеит, иҟалаз азы азинхьчаратә усбарҭақәа адырра риҭеит.
Аҟәатәи аусӡбарҭа аӡбарала, мшаԥы 26 рзы Артур Кәакәасқьыр, Адгәыр Харчлаа, Алиас Харчлаа, Ҭимури Алхорба, Адгәыр Аҩӡба аанкылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0