Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сара сус: аибашьыгатә ҳаирплан аԥырҩы Аинар Оҭырба

Сара сус: аибашьыгатә ҳаирплан аԥырҩы Аинар Оҭырба
Анапаҵаҩра
Зхәыҷраахыс аибашьыгатә ҳаирплан ала аԥырра иазхәыцуаз Аинар Оҭырба адырраҭара "Сара сус" аҿы еиҭеиҳәеит ихатәы мҩа шылихыз, насгьы иҭаацәараҿы игәазыҳәара ишазыҟаз.
Аинар еиҭеиҳәеит Урыстәыла иреиҳаӡоу аԥырратә ҵараиурҭаҿы аҵара аниҵоз дзықәшәахьаз аҭагылазаашьа ҷыдақәа, аибашьыга ҳаирплан алеишәа аиааира шаҭаху, адыррақәа рнаҩс апрактикаҿы агәыӷәӷәара иаҵанакуа, 600 км сааҭк ахь аццакрала иԥыруа игәабзиара иаԥырхагома, ажәҩан аҟны ашәарҭарақәа ртәы, иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәалатә еибашьраан иҭахаз Аиааира амш аҽны рыԥсқәа уарбажәҵас ажәҩан ихуп ҳәа зиԥхьаӡо. Убасгьы ишьҭыԥраауа закәтә ажәақәоу иаҳәату еилышәкаар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.
Ажәабжьқәа зегьы
0