Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӡы зыҩналаз ауадақәа, аплиаж аҿы агәамсам: "Акурорт Пицунда" амшцәгьа ашьҭахь

© Sputnik / Акоп КущянГород курорт Пицунда
Город курорт Пицунда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иҳәахьан амшцәгьаан "Акурорт Пицунда" ауадақәа 70 рҟынӡа аӡы шрыҩналаз, иҩназ ауаа аҽаџьара ишииаргаз.
АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Аԥсны аҭыԥ змаз амшцәгьаан "Акурорт Пицундагь" аԥхасҭа аиуит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит еидҵоу акурорт адиректор Фрикан Гәынба.
"Иааҳакәыршан иҟаз аҭагылазаашьа иаҿурԥшуазар, ҳацәгьам ҳҳәартә ҳаҟоуп, аха аԥхасҭа ҳзацәымцеит. Ауадақәа аӡы рыҩналеит. Уажәы акурорт аусзуҩцәа урҭ рҭыԥ иқәырҵоит. Уи адагьы аплиаж агәамсам рацәа ықәнажьит, атуристцәа амшын изҭалаӡом. Атехника ҷыда ала аплиаж иахьаҵанакуа арыцқьара иаҿуп", - иҳәеит иара.
Гәынба иазгәеиҭеит, иҟоу аҭагылазаашьа иаарласны аҭыԥ ақәҵара шзалымшо, дара атуристцәа рхаҭақәагьы амаҵзура ҷыдақәа рус аҿы ишрыцхраауагьы.
Иара убасгьы иҳәеит, амшцәгьа ашьҭахь аԥсшьаҩцәа акурорт ааныжьны ишымцаз, рыԥсшьарамшқәа Пицунда ишрыцырҵо.
Апансионатқәа реидгыла "Акурорт Пицунда" адиректор иҳәеит акурорт аҟны аӡәгьы ԥырхага шимоуз.
Sputnik зыҿцәажәоз Пицундатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Савели Серетиди иҳәеит жәаҩык ауаа амшцәгьаан ахәшәтәырҭа ишадҵаалаз.
Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык – урыстәылатәи атуристцәа роуп. Ԥҟарсҭақәак, цәҟьарсҭақәак рыман. Зегьы амедицинатә цхыраара рыҭан.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа рыла, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы зыԥсы зшьоз урыстәылауаа абжьгарақәа рзы ишрыдҵаалаз.
Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа рыла урыстәылауаа аӡәгьы ԥырхага имоуӡеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0