Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Камлиаԥҳа: аимҳәаршәаа змоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп

Камлиаԥҳа: аимҳәаршәаа змоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Инесса Камлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥхынразы русура шышьақәгылоу, иарбан чымазарақәоу ахәыҷқәа зыргәамҵуа, насгьы аҳақьымцәа разымхара азҵаара шырныԥшуа.
Аԥхын еиҳарак иҳадҵаало машәырла икаҳаны зымаха-зышьаха ԥҵәаз, амаамын зыцҳаз роуп ҳәа адырра ҟалҵеит Камлиаԥҳа арадиоефир аҿы. Лара лажәақәа рыла, ари ашықәс азы аҿкчымазарақәа рахьынтә ахәыҷқәа ирыдбалан ацәаркыҷы, аскарлатина. Уажәы рхыԥхьаӡара рацәахеит аимҳәаршәаа зыдбалоу ҳәа азгәалҭеит Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо.
"Аҿкы чымазарақәа зыдбалоу зегьы аинфекциатә хәышәтәарҭахь иҳашьҭуеит. Аха, ирымоу еилаҳкаанӡа ара иҳамоуп. Шықәсык зхымҵыц ахәыҷқәа иаҳа ашәарҭара иҭагылоуп. Урҭ лассы-ласс аҳақьымцәа рахь иааргоит. Иахьазы уахыки-ҽнаки рыла 60-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ҳадаҳкылоит", - ҳәа лҳәеит Камлиаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0