Урыстәыла

Урыстәыла АдәАР: Еиду аштатқәа Украина ахәыҷқәа ааӡара ргара иаҭыԥноуп ишахәаԥшуа

© Sputnik / Виталий БелоусовЗдание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади и башни делового центра "Москва-Сити".
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади и башни делового центра Москва-Сити. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иакьыԥхьит ЕАА ахәыҷқәа ааӡара ҳәа ргаразы жәларбжьаратәи апроцесс аан ахәыҷқәа рзинқәа шеиланаго зну ажәахәынҵа.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Вашингтон Арратә операциа ҷыдаҿы ахәыҷқәа рҭагылазаашьа хьаас иамоушәа ахьыҟанаҵо зыдҳәалоу Еиду аштатқәа ахәыҷқәа ааӡара ргара ахьрылшо ҭыԥны Украина иахьахәаԥшуа азоуп рҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
"ЕАА ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы астандарт хадақәа зныԥшуа ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Аконвенциа аратификациа азымҭаз тәыла заҵәыкны иҟоуп", - ҳәа аҳәоит УА АдәАР асаит аҿы акьыԥхьымҭа.
Адипусбарҭаҿы иара убасгьы ирҳәеит ЕАА "ахәыҷқәа рзинқәа ирыхьчаҩ хаданы" иҟоушәа ахымҩаԥгашьа иарбанзаалак закәанк ма практикак ала иҵаҵӷәыркым ҳәа. УА АдәАР аҿы иазгәарҭеит ЕАА ахәыҷы ԥас ма ԥҳас игара апроцесс акыр ишеилаҳанто, акоррупциатә ҟазшьа шамоу.
"Угәы унархьуеит урыстәылатәи ахәыҷқәа америкатәи атәылауаа ааӡара ианыргоз зықәра намӡац Урыстәыла атәылауаа рзинқәа ӷәӷәала иахьеиларгоз", - рҳәоит аусбарҭаҿы.
Иара убри аан иҳәоуп ари апрактика 2013 шықәса раахыс ишаанкылоу. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иазгәарҭеит ЕАА ахәыҷқәа ааӡараҳәа ргаразы жәларбжьаратәи апроцесс аан ахәыҷқәа рзинқәа шеиланаго атәы икьыԥхьу ажәахәынҵаҿ ишарбоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0