https://sputnik-abkhazia.info/20230714/asny-shysybzhak-anua-shnyz-inareiany-aviza-ryan--1046927348.html
Аԥсны шықәсыбжак аҩнуҵҟа ԥшьнызқь инареиҳаны авиза рыҭан
Аԥсны шықәсыбжак аҩнуҵҟа ԥшьнызқь инареиҳаны авиза рыҭан
Sputnik Аҧсны
2023 шықәсазы Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аусура иалҵшәаны абиуџьет ахь инанашьҭит 44,5 миллион мааҭ абаџь. Ари ииасыз ашықәс иара абри аамҭа иаҿурԥшыр 12... 14.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-14T09:00+0300
2023-07-14T09:00+0300
2023-07-14T09:00+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101799/45/1017994559_0:317:6017:3701_1920x0_80_0_0_603913fde206bd34c8e47cc232a3651e.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ԥхынгәы 1 аҟынӡа Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура авизақәа роуразы иаднакылеит 4061 рзаҳал ҳәа Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Рамин Габлаиа аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Аихшьаалақәа рыла, 2023 шықәса аԥхьатәи азбжазы ареспубликатә биуџьет иҭалеит авизақәа рыхә аҳасабала 17,5 миллион мааҭ, аусуралшара аҭаразы - 15,8 миллион мааҭ, апатент аҭаразы - 4,4 миллион мааҭ. 6,8 миллион мааҭ аҳәаанырцә усутә мчы ахархәаразы ирызшәан аусураҭаҩцәа. Уи адагьы, шықәсыбжак иалагӡаны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аӡбарҭахь инанашьҭит 55 материал.
https://sputnik-abkhazia.info/20221215/2022-shysa-azhyrnyaakhys-khnyzyk-inareiany-amigranttsa-asnya-iaakheit-1043131765.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101799/45/1017994559_330:0:5685:4016_1920x0_80_0_0_bac77ddd7948f0b8f78f51b1ae9c56de.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны шықәсыбжак аҩнуҵҟа ԥшьнызқь инареиҳаны авиза рыҭан
2023 шықәсазы Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аусура иалҵшәаны абиуџьет ахь инанашьҭит 44,5 миллион мааҭ абаџь. Ари ииасыз ашықәс иара абри аамҭа иаҿурԥшыр 12 миллион рыла еиҳауп.
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ԥхынгәы 1 аҟынӡа Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура авизақәа роуразы иаднакылеит 4061 рзаҳал ҳәа Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Рамин Габлаиа аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит. Абри атәы
аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Амиграциатә шәҟәҭаҩра рызуын 2430-ҩык атәымтәылауаа. Уи адагьы Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура иаднакылеит 3717 рзаҳал аусурҭа аиуразы, 400 рзаҳал аусураҭаҩцәа рҟынтәи иаднакылеит. Иахьазы Аԥсны аус руеит адунеи атәылақәа 28 ртәылауаа.
Аихшьаалақәа рыла, 2023 шықәса аԥхьатәи азбжазы ареспубликатә биуџьет иҭалеит авизақәа рыхә аҳасабала 17,5 миллион мааҭ, аусуралшара аҭаразы - 15,8 миллион мааҭ, апатент аҭаразы - 4,4 миллион мааҭ. 6,8 миллион мааҭ аҳәаанырцә усутә мчы ахархәаразы ирызшәан аусураҭаҩцәа.
Уи адагьы, шықәсыбжак иалагӡаны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аӡбарҭахь инанашьҭит 55 материал.