Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион аҿы амҩан иҟалаз амашәыр аҟны ҩыџьа ауаа ҭахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСотрудники ДПС за работой
Сотрудники ДПС за работой - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2023
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Мҷышьҭа иахьаҵанакуа амҩан амашәыр ҟалеит ҳәа амилициа аҷаԥшьарҭатә хәҭахьы адырра ҟалеит ԥхынгәы 14 асааҭ 00:00 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҿы ахаҵеи аԥҳәыси амҩатә машәыр аан иҭахеит ҳәа иҳәеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Иара иҳәеит, амилициа аҷаԥшьарҭатә хәҭахьы адырра шыҟаҵаз ԥхынгәы 14 асааҭ 00:00 рзы. Аҭыԥ ахь инеит ААИ аусзуҩцәеи амедусзуҩцәеи.
Автомашьына BMW аԥсҟы зкыз аԥсҟы импыҵҟьеит. Иара Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь днаган, аԥҳәыс – Гагратәи ахәшәтәырҭахь. Рҩыџьагьы рыԥсҭазаарақәа реиқәырхара залмыршахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0