Урыстәыла

Арыц азы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵыхәтәантәи аӷба Одессатәи абаӷәаза ннажьит

© Foto / Минобороны Турции / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервое судно с зерном покинуло порт Одессы
Первое судно с зерном покинуло порт Одессы - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Арыц азы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵыхәтәантәи аӷба Одессатәи абаӷәаза ннажьит ԥхынгәы 16 рзы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Reuters адыррақәа шьаҭас иганы.
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ахылаԥшрала еиҿкааз арыц азы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи аҿҳәара нҵәаанӡа арыц зқәу аҵыхәтәантәи аӷба Одессатәи абаӷәаза ннажьит", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Ԥхынгәы 22, 2022 шықәсазы Урыстәыла, Украина, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ҭырқәтәыла ҩ-еиқәшаҳаҭрак рнапы аҵарҩит: "Украина абаӷәазақәа рҟынтәи арыци аалыҵи шәарҭадарыла амҩангараз", "Урыстәыла афатә аалыҵи арҵәыгақәеи адунеитә џьармыкьақәа рахь рымҩангара ацхрааразы Урыстәылеи ЕАРи рыбжьара аилибакаараз Амеморандум".
Урыстәылеи Украинеи хаз-хазы, Ҭырқәтәылеи Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкрақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази раԥхьатәи аилаӡара хазы-хаз рнапы еицаҵарҩит. Украинатәи арыц Амшын еиқәала амҩангара мҩаԥыслоит еицеиқәшаҳаҭны иазԥырҵәаз ишәарҭадоу амҩа — Одесса, Черноморск, Иужныи абаӷәазақәа рыла.
Урыстәыла изныкымкәа ирҳәахьан иқәнаргылаз аҭахрақәа шынагӡам. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа рыла, арыц азы аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ацҵаразы ҵаҵӷәыкгьы шыҟам.
Президент РФ В. Путин провел совещание о ходе проведения весенних полевых работ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Урыстәыла
Путин иҳәеит, арыц азы аилаӡара Урыстәыла алҵыр ҟалап ҳәа
Ажәабжьқәа зегьы
0