Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лӡаа аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра мчыбжьык ааҟара аҭаххоит

© Foto / Министерство туризма РАМинистр туризма Теймураз Хишба посетил село Лдзаа
Министр туризма Теймураз Хишба посетил село Лдзаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2023
Анапаҵаҩра
Гагра араион Лӡаа ақыҭа ԥхынгәы 8-9 рзы аҭыԥ змаз амшцәгьа ду агәҭаҵәҟьа иаҵанакит.
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Даҽа мчыбжьык ааҟара аҭаххоит Лӡаа аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иҳәеит ақыҭа ахада Гурам Абӷаџьаа.

"Аусурақәа шцац ицоит. Атехника есыҽны аус ауеит амҩақәеи ауаа рынхарҭақәеи рҿы. Сгәанала, даҽа мчыбжьыкҟа аҭаххоит агәамсам, ахаҳәқәа, икаҳаз аҵлақәа рықәгаразы. Ҳәарада, зехьынџьара атехника знеиуам, аха ауааԥсыра ишалшо ала ҳрыцхраалоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Абӷаџьаа иажәақәа рыла, аҭыԥантәи ауааԥсыра рыҩнқәа рашҭақәа дрыцқьоит аӡы иаанагаз алыкь ақәгара иаҿуп, уи аамҭа аҭахуп.
Лӡаа аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы гагратәи "Автонхамҩаҷыда" аҟынтәи атехника неит. Алашареи аӡи аӡхыҵра ашьҭахь 4-5 мшы рыҩнуҵҟа ирыҭан. Иара убасгьы Речнаиа амҩа иаԥну аӡиас арсырҭа ҟаҵоуп.
Затопленная дорога в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2023
Аԥсны
Амшцәгьа ааха знаҭаз Лӡаа ақыҭа ахәҭак ӡылеи лашаралеи еиқәдыршәеит
"Ишеилышәкаауа аиԥш, ауаа маҷк ргәы каҳаит. Рмазара, рынхарҭақәа аԥхасҭа роуит. Ара иҟаз атуристцәа реиҳараҩык ықәҵит, аха уи аахыс иаазгьы маҷым. Урҭ ара рыԥсы ршьоит", - иҳәеит Абӷаџьаа.
Ақәаршҩы Гагра араион аԥхасҭа ду анаҭеит, 1100 ҩны аӡы рыҵалеит. Ааха ӷәӷәа аҭоуп Лӡаа ақыҭа.
Министр туризма Теймураз Хишба посетил село Лдзаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2023
Аԥсны
Лӡаа ақыҭан ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0