Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӡхыҵрақәа рышьҭахь Гагра араион аҿы атуристтә обиектқәа зегьы еиҭашьақәыргылоуп

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2023
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҿы ԥхынгәы 8-9 рзы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны зқьыла аҩнқәа аӡы рыҵалеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik. Аӡхыҵрақәа рышьҭахь Гагра араион аҿы атуристтә обиектқәа зегьы еиҭашьақәыргылоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахадара атуризм аҟәша аиҳабы Ахра Бганба.
"Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит. Ҳәарада, ӷәӷәала аԥхасҭа зауз ақыҭақәа ыҟоуп: Лӡаа, Алаҳаӡы. Ақалақь аҿы аус руеит акаҳуажәырҭақәа, аресторанқәа, асасааирҭақәа, апансионатқәа. Ахаҿрарԥшӡаратә усурақәа мҩаԥысуеит - ахаҳәҟьаԥс, акаҭран ықәырҵоит, аӡымҩангагақәа рыԥсахуеит", - иҳәеит иара.
Атуристтә обиектқәа абжьааԥнеиԥш аус руеит, асасцәа рыдыркылоит иҳәеит Бганба. Иара иазгәеиҭеит аиҳарак ааха зауз ахатәыҩнқәа шракәу. Араион ахада Иури Ҳагәышь идҵала иаԥҵоуп аус аҭышәныртәалараз аштаби акомиссиеи.
"Акомиссиа алахәылацәа аҭыԥ ахь инеины ахәшьаратә шәҟәынҵақәа аздырхиоит, ауааԥсыра ироуз аԥхасҭа ахә ахшәааразы. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп араион ауааԥсыра, иаӡәыкны арыцҳараан еидгылаз, ишалшо ала арыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра зҽазызшәо", - иҳәеит Бганба.
Министр туризма Теймураз Хишба посетил село Лдзаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2023
Аԥсны
Лӡаа аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра мчыбжьык ааҟара аҭаххоит
Русура хацдыркит аквапарк, анаԥшааԥшырҭатә барбал, Гагра уаанӡатәи аԥсҭазаара иазыхынҳәит.
"Аԥхьатәи амшқәа рзы арҭ аобиектқәа аус руӡомызт, аӡы ахаҳәымҿыхә рацәаны иқәнажьит, ҭыԥқәак рҿы иаргьы ықәымҵкәа игылан. Исҳәар сҭахуп атуристцәагьы шҳавагылаз, ақалақь арыцқьара рхы шаладырхәыз. Гагра уаанӡатәи аритм иазыхынҳәуеит ауаа реидгылара иабзоураны", - иҳәеит Бганба.
Амшцәгьақәа раан Лӡааи Алаҳаӡи рҟынтәи 560-ҩык "Акурорт Пицунда" ахьи ахатә сасааирҭақәа рахьи ииаган. Амҩақәа аӡы иахьықәнаӡәӡәааз аҟынтә атуристцәа ииаргон мшынла, ахатә фирмақәа иртәыз аӷба маҷқәа рыла иҳәеит Бганба. Аӡхыҵра ашьҭахь асасцәа рҟынтә аԥхасҭа ахә ахшәааразы аӡәгьы дҳадымҵаалеит иҳәеит иара.
Гагра араион аҿы ԥхынгәы 8-9 рзы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны зқьыла аҩнқәа аӡы рыҵалеит. Лӡаа ақыҭаҿы 120 обиект аԥхасҭа роуит.
Аԥхасҭа роуит Алаҳаӡи Баӷрыԥсҭеи ақыҭақәагьы. Ақалақь аҿы Гьечба, Султан Сосналиев, Баграт Шьынқәба рымҩақәа, Аҟәатәи амҩаду еиҳа ааха роуит. Иаԥҵоу акомиссиахь инаргахьеит 65 рзаҳал.
Президент Абхазии Аслан Бжания с инспекционной поездкой в Гагрском районе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2023
Аԥсны
Аӡхыҵраан аԥхасҭа зауз рзы агуманитартә цхыраара аизгарҭа ҭыԥқәа аадыртит
Ажәабжьқәа зегьы
0