Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла Украина Амшынеиқәатә баӷәазақәа рахь инеиуа аӷбақәа цәҟьарақәаны иашьалоит

© Sputnik / Василий Батанов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛетний период обучения на ЧФ впервые открылся смотром на рейде Севастополя
Летний период обучения на ЧФ впервые открылся смотром на рейде Севастополя - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2023
Анапаҵаҩра
Иазгәаҭоуп, арҭ аӷбақәа збираҟ иаҵагылоу атәылақәагьы аимак аҟны Киев иадгылоуп ҳәа иԥхьаӡахалоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иахьа инаркны Украина Амшынеиқәатә баӷәазақәа рахь инеиуа аӷбақәа цәҟьарақәаны иашьалоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Амшынеиқәатә аԥшьгамҭа" аусуреи амшынтә гуманитартә коридор аусуреи раангылара инарымаданы 2023 шықәса ԥхынгәы 20 москватәи аамҭала асааҭ 00:00 инаркны Украина Амшынеиқәатә баӷәазақәа рахь инеиуа аӷбақәа аибашьратә хықәкы змоу аидара мҩаныргоит, убри инамаданы урҭ цәҟьарақәаны иашьалоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы, Атәылахьчара аминистрра иаанацҳауеит Амшын еиқәа жәларбжьаратәи аӡқәа аҩада-мраҭашәаратәии алада-мрагыларатәии ахәҭақәа аӷбарныҟәаразы аамҭала ишәарҭоуп ҳәа.
2022 шықәса ԥхынгәы 22 рзы ирыдыркылаз Арыц азы аиқәшаҳаҭра аусура аанкылахеит ԥхынгәы 18 инаркны. Урыстәыла абри азы Ҭырқәтәыла, Украина, ЕАР адырра рынаҭеит.
Ашықәс иалагӡаны Москва изныкымкәа иазгәанаҭахьан иара аҭахрақәа шынармыгӡо. Владимир Путин изныкымкәа иҳәахьан Мраҭашәара украинатәи ачарыц аиҳарак рхазы ишыргоз, убри аан аилаӡара ахықәкы - амлакра ахьыҟоу атәылақәа, Африкагьы налаҵаны, ирызнаргар шакәыз, аха уи аилаӡара ахықәкы нагӡамхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0