https://sputnik-abkhazia.info/20230721/asnyti-azhurnalisttsa-moskva-imaysuaz-aproekt-sputnikpro-amaster-klassa-irylakhyn-1047062475.html
Аԥснытәи ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын
Аԥснытәи ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын. 21.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-21T20:20+0300
2023-07-21T20:20+0300
2023-07-21T23:43+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/15/1047058529_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_0b47a4ddd48a9eb0ad69a7f36b8a00e5.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын.Ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит иахьатәи атехнологиа ҿыцқәа ахархәашьа зеиԥшроу, зеилкаара мариоу абызшәала атекстқәа аҩразы иҟоу амаругақәа ртәы."Алекциақәа иҳазрыԥхьоз ҳдыррақәа реимдаразы ҳаицәажәаларц рҭахын. Уи шьахәын, гәахәарыла сӡырҩуан", - иҳәеит "Аԥсныпресс" аҭыжьҩы-аредактор Аслан Занҭариа.Амастер-классқәа ирылахәыз аҭыжьра иазыхиоу аматериалқәа шеиҿкаатәу рзеиҭарҳәеит: ахы шаҭатәу, афото шыԥшаатәу, еиуеиԥшым асмаилқәа рхы ишадырхәо уҳәа. Хықәкыла иазааҭгылан асоциалтә ҳақәа рахь аматериалқәа шеиқәыршәатәу. Ажурналистцәа дара-дара рԥышәа еимырдон, ртәылақәа рҟны ажурналистика иамоу аҟазшьа ҷыдақәа еиҭарҳәон, ртәылақәа рҟны аполитикатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу иазааҭгылон.Амастер-классқәа ирылахәын ауаажәларратә усзуҩцәеи ажурналистцәеи Молдова, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Узбекисҭан, Кырӷысҭан, Таџьикисҭан атәылақәа рҟынтәи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/15/1047058529_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_6920e5f079a2d75932219ee17f7543e9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын.
Ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит иахьатәи атехнологиа ҿыцқәа ахархәашьа зеиԥшроу, зеилкаара мариоу абызшәала атекстқәа аҩразы иҟоу амаругақәа ртәы.
"Алекциақәа иҳазрыԥхьоз ҳдыррақәа реимдаразы ҳаицәажәаларц рҭахын. Уи шьахәын, гәахәарыла сӡырҩуан", - иҳәеит "Аԥсныпресс" аҭыжьҩы-аредактор Аслан Занҭариа.
Амастер-классқәа ирылахәыз аҭыжьра иазыхиоу аматериалқәа шеиҿкаатәу рзеиҭарҳәеит: ахы шаҭатәу, афото шыԥшаатәу, еиуеиԥшым асмаилқәа рхы ишадырхәо уҳәа. Хықәкыла иазааҭгылан асоциалтә ҳақәа рахь аматериалқәа шеиқәыршәатәу.
Ажурналистцәа дара-дара рԥышәа еимырдон, ртәылақәа рҟны ажурналистика иамоу аҟазшьа ҷыдақәа еиҭарҳәон, ртәылақәа рҟны аполитикатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу иазааҭгылон.
Амастер-классқәа ирылахәын ауаажәларратә усзуҩцәеи ажурналистцәеи Молдова, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Узбекисҭан, Кырӷысҭан, Таџьикисҭан атәылақәа рҟынтәи.