https://sputnik-abkhazia.info/20230721/azlatsazhasha-amoup-akhsala-azou-amzazy-amsh-zeishrakhoi-aaua-aiakraei-rty-1047042662.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахсалԥҳа ҳазҭоу амзазы амш зеиԥшрахои аҳауа аиҭакрақәеи ртәы
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахсалԥҳа ҳазҭоу амзазы амш зеиԥшрахои аҳауа аиҭакрақәеи ртәы
Sputnik Аҧсны
Аԥхын абжеиҳара ҳҭысит, арҭ амзқәа ирылагӡаны амш аҳауаԥхарра еиуеиԥшымызт. Зны аԥхаррақәа ҳарзыԥшын, аамҭала ашоура ҳҽацәаҳахьчон, даҽазны аԥхасҭа ӷәӷәа... 21.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-21T17:17+0300
2023-07-21T17:17+0300
2023-07-21T17:17+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/14/1047042841_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_765f18c2c82f47139cc6a20d76a7b32a.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахсалԥҳа ҳазҭоу амзазы амш зеиԥшрахои аҳауа аиҭакрақәеи ртәы
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахсалԥҳа ҳазҭоу амзазы амш зеиԥшрахои аҳауа аиҭакрақәеи ртәы
Аԥхын абжеиҳара ҳҭысит, арҭ амзқәа ирылагӡаны амш аҳауаԥхарра еиуеиԥшымызт. Зны аԥхаррақәа ҳарзыԥшын, аамҭала ашоура ҳҽацәаҳахьчон, даҽазны аԥхасҭа ӷәӷәа ҟазҵаз ақәаршҩы ахыҵәеит ҳтәыла. Асоциалтә ҳақәа рҟны иуԥылалоит узыршәаша ажәабжьқәа, ҳааигәа-сигәа иҟалараны иҟоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ирызкны. Аԥсны аҳауа аиҭакрақәеи, амш аҭагылазаашьеи арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит аекологиа аинститут аусзуҩы Асида Ахсалԥҳа."Аԥхын ишәарҭоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ҳбеит, уи иаанагоит ҳазҭагылоу аамҭазы даараӡа аҳауатә еиҭакрақәа ыҟоуп ҳәа. Ари Аԥсны мацара акәӡам, жәларбжьаратәи проблемоуп. 2030 шықәсанӡа ас еиԥш иҟоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ҳарзыԥшызароуп, ҳазхиазароуп. Иҟаз ашәарҭарақәа зҵаз аԥсабаратә цәырҵрақәа уаҳа иҟалаӡом ҳәа сҳәар, уи шәысжьеит ауп иаанаго. Иара абри ԥхынгәымза анҵәамҭазы Краснодар атәылаҿацә аҟны иазыԥшуп даара ашәарҭара зҵоу ақәаршыҩқәа, иара убас адыд-мацәыс, аԥшаласра. Аԥсны уи иацәыхьчаӡам, амза 29 инаркны 31-нӡа амшцәгьақәа ҟалоит", - лҳәеит Ахсалԥҳа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/14/1047042841_83:0:1222:854_1920x0_80_0_0_b4e94d33ad2b3fd9f7cbb5d44b5ee15f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Аԥхын абжеиҳара ҳҭысит, арҭ амзқәа ирылагӡаны амш аҳауаԥхарра еиуеиԥшымызт. Зны аԥхаррақәа ҳарзыԥшын, аамҭала ашоура ҳҽацәаҳахьчон, даҽазны аԥхасҭа ӷәӷәа ҟазҵаз ақәаршҩы ахыҵәеит ҳтәыла. Асоциалтә ҳақәа рҟны иуԥылалоит узыршәаша ажәабжьқәа, ҳааигәа-сигәа иҟалараны иҟоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ирызкны. Аԥсны аҳауа аиҭакрақәеи, амш аҭагылазаашьеи
арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит аекологиа аинститут аусзуҩы Асида Ахсалԥҳа.
"Аԥхын ишәарҭоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ҳбеит, уи иаанагоит ҳазҭагылоу аамҭазы даараӡа аҳауатә еиҭакрақәа ыҟоуп ҳәа. Ари Аԥсны мацара акәӡам, жәларбжьаратәи проблемоуп. 2030 шықәсанӡа ас еиԥш иҟоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ҳарзыԥшызароуп, ҳазхиазароуп. Иҟаз ашәарҭарақәа зҵаз аԥсабаратә цәырҵрақәа уаҳа иҟалаӡом ҳәа сҳәар, уи шәысжьеит ауп иаанаго. Иара абри ԥхынгәымза анҵәамҭазы Краснодар атәылаҿацә аҟны иазыԥшуп даара ашәарҭара зҵоу ақәаршыҩқәа, иара убас адыд-мацәыс, аԥшаласра. Аԥсны уи иацәыхьчаӡам, амза 29 инаркны 31-нӡа амшцәгьақәа ҟалоит", - лҳәеит Ахсалԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.