Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сара Аԥсны сыҟоуп!": Чехов ҳаԥсадгьыл раԥхьаӡа данаҭааз иазкны

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАнтон Павлович Чехов и Ольга Леонардовна Книппер
Антон Павлович Чехов и Ольга Леонардовна Книппер - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2023
Анапаҵаҩра
Ииуль 23, 1888 шықәсазы Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны дааит аурыс шәҟәыҩҩы ду Антон Павел-иԥа Чехов.
Ажәаатәи ашәышықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсныҟа ихьаԥшуаз, уи аԥшӡареи, ара инхоз ауаа раԥсуареи рыламыси ихырхуаз, ашәа азызҳәахьаз аурыс шәҟәыҩҩцәа маҷмызт. Урҭ ирбон ажәлар аҵарадыррахь рхы шхаз, адунеитә культуреи аурыс культуреи ирзааигәахар шырҭахыз, иара убасгьы рхатәы бызшәала иҩуа рхатә литература анроу, дара рырҿиамҭақәа инарываргыланы, иаразнак иреиӷьӡаз аурыс классикатә литература аиҭагара иалагеит.
Усеиԥш Аԥсны зылаԥш хаа ақәшәаз, аратәи аԥсуаа ирыҵаз ауаҩра дуи, рчеиџьыкеи ихнахыз, зыԥсабара иаҿыгәҳәаауа бзиа избаз, зыԥсы шҭаз адунеи зыхьӡ алаҵәаз, иахьагьы зырҿиамҭақәа аурыс шәҟәыҩҩцәа рҟынтәи зегь реиҳа адунеи абызшәақәа рахь еиҭарго, зегь реиҳа иреиӷьӡоу атеатртә сценақәа рахь зҩымҭақәа еиҭаган иқәдыргыло дреиуоуп Антон Павел-иԥа Чехов.
Антон Павел-иԥа Чехов - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2017
Чехов Аҟәатәи ибалкон
Ишьапы ықәиргылахьазма Чехов Аԥсны, насгьы данбааи? Абри аҩыза азҵаара иаразнак ҳҿаԥхьа иқәҳаргылоит еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа дуқәа ҳанрызхәыцуа… Ааи, даахьан, зегь раԥхьаӡа днеит Афон ҿыц Ивертәи ахәаҿы, иџьеишьеит, изымбатәбарахеит араҟа иибаз аԥсабара. Абар, аҭоурых иазынхаз иара иажәақәа:
"Афон ҿыц иааины, Ивертәи ашьха ихамлаз, уи диеиԥшуп Рим инеины, Ватикан Римтәи папа дымбаӡакәа иааз!" - иҩуан Чехов.
Афонтәи аԥшӡарақәа зегьы аниба, шьапыла мацара данырхыс аратәи аҭыԥ џьашьахәқәа, Аҟәаҟа дааит, ара мышқәакгьы дыҟан. Ԥыҭрак ашьҭахь, иара иҩыза А.С. Суворин иахь Чехов иҩуеит:
"Сара Аԥсны сыҟоуп! Раԥхьатәи аҵх схызгеит Афон ҿыц ауахәамаҿы, иахьа ашьыжь абра Аҟәа сааит. Аԥсабара аԥшӡара џьашьаны уеилагартә иҟоуп!.. Зегьы ҿыцуп, илакәуп, ипоезиоуп! Аевкалиптқәа, ачаирҭақәа, акипарисқәа, акедрқәа, апальмақәа, аҽадақәа, аҷнышқәа, акамбашьқәа, зыԥшшәы еилыԥхаауа ажәҵарақәа, зегь раҵкыс иџьоушьаша - ашьхақәа, ашьхақәа, ашьхақәа, нҵәара зқәым ашьхақәа… Сара уажә хыхьынтәи абарҵа сықәтәан сахьыԥшуа избоит имыццакӡакәа аԥсуаа аҟәараҿы ишынеиааиуа, дара змырҩашьо рмилаҭ цәамаҭәақәа ршәуп. Амҩа нымҩахыҵ иубоит амаслинақәа, акедрқәа, акипарисқәа, урҭ рнаҩыс - ииаҵәҳаҳараӡа амшын аҭра иҭажьуп. Иааузымчҳаратә ишоуроуп. Аха сара изулакгьы, уи ашоура ҽыкәабарала исхызгоит. Ааилашәшәра иалагеит. Шьҭа хара имгакәа аӷбахь снеироуп. Шәара агәра жәгаӡом, сҩыза бзиа, шаҟа ихаау, шаҟа иԥсырмаҷгоу аратәи атамақәа!.. Урҭ ҵәа-бзиак иаҟароуп, иҟәымшәышәуп, иԥсылоуп…"

Абаҩхатәра бзиаӡа змаз ашәҟәыҩҩы абри аҩыза аԥсабара даналаԥш, иџьеишьеит, илакәишьеит, еиҳаракгьы Афон ҿыц аԥсабара џьашьахә аниба, данаргачамк, абри аҩыза ажәа ԥхақәа иҩит: "Сара мызкы иадамхаргьы Аԥсны сынхозҭгьы, сгәы иаанагон, шәкыла зда ыҟам алакәқәа сыҩуан ҳәа. Ачықьқәа зегьы рҟынтәи, ашьха ҳаракқәа ҵаҟа ауарҳал еиԥш икадыршәуа рыгагақәеи, иара убасгьы, ажәҩани амшыни рҟынтәи, укылкааны иухәаԥшуеит шәкыла асиужетқәа."

Шәара шәазхәыц, ашәҟәыҩҩы ду абриаҟара иџьеишьаз, илакәишьаз аԥсабара, уи аԥшӡара дыхнахит, датәнатәит, убри азоуп иреиӷьӡоу иповестқәа иреиуоу "Дуель" ари ақалақьи ақалақьуааи рхаҿсахьақәа бзианы изаанарԥшуа.
Чехов Аԥсни аԥсуа жәлари ргәыбылра бзианы икит, убри азоуп Аԥсныҟа еиҭах дзааз 1896 шықәса азы аурыс пролетар шәҟәыҩҩы дуӡӡа А. М. Горкии асахьаҭыхҩы В.В. Васенцовии дрыцны.
Аԥсуаагьы иахьа уажәраанӡа уи ашәҟәыҩҩы ду ихьӡ ргәаҵа иԥхаӡа иҭоуп, убри азоуп Аԥсны, Аҟәа иҟоу 14-тәи ашкол А.П. Чехов ихьӡ захҵоу.
© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРусский писатель Антон Чехов (в центре) среди родных и знакомых
Русский писатель Антон Чехов (в центре) среди родных и знакомых - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2023
Русский писатель Антон Чехов (в центре) среди родных и знакомых
Уажәшьҭа ҳаиасып А. П. Чехов ирҿиамҭақәа аԥсуа бызшәахь ҳашәҟәыҩҩцәа еиҭаргахьоу шаҟа ыҟоу, насгьы еиҭазгаз зусҭцәоу аилкаарахь. Иаагап еиҭазгази, ианеиҭаргази, урҭ ахьқьыԥхьуи:
Чехов А. П. 1960 шықәсазы раԥхьаӡа акәны Чехов иажәабжьқәа "Ачынуаҩ иԥсреи", "Ахамелеони" аԥсшәахь еиҭаргеит алитературатә критик, аҭоурыхдырҩы Хә. С. Бӷажәбеи ашәҟәыҩҩы Владимир Маани. Ианын ажурнал "Алашара", 1960. №1.
Чехов А. П. Ачиновник иԥсра. Агәырҩа. Ажәабжьқәа. Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Џь. Б. Аҳәба. Алашара, 1972. №3.
Чехов. А. П. Аԥсықәара. Ажәабжь. Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Џь. Б. Аҳәба. Алашара, 1980. №4.
Чехов А. П. Ротшильд искрипка. Ажәабжь. Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Џь. Б. Аҳәба. Алашара, 1982. №10.
Чехов А. П. Ахәмарра. Ажәабжь. Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Н.Ҷ. Ҳашыг. Алашара, 1986. №4.
Чехов А. П. Агәырҩа. Аҟазара амаҭәар. Зыԥсы ҭоу ашықәс нҵара. Ажәабжьқәа. Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит С. Х. Ҭаркьыл. Алашара, 1988. №4.
Чехов В. П. Аца баҳча (ԥшь-қәгыларак змоу акомедиа). Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит В. Л. Аҵнариа. Алашара, 2006. № 3.
Чехов А. П. Ачиновник иԥсра. Ахамелеон. Ажәабжьқәа. Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Џь. Б. Аҳәба. Алашара, 2010. №1.
Сара сгәаанагарала, абарҭ арҿиамҭақәа зегьы ааидкылан, аԥхьажәа бзиа рыцҵаны, хымԥада шәҟәыкны аҭыжьра иаԥсоуп. Ара иазгәаҭатәуп, урҭ еиҭазгаз, ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа еиуеиԥшым абиԥарақәа ишреиуоу, аиҭагара аус аҿгьы даара аџьабаа збахьоу роуп.
Насгьы, ҳаԥсуа ԥхьаҩ, асеиԥш иҟоу, адунеи зыхьӡ адыруа, ԥсра зқәым ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәы ибызшәахьы еиҭаганы иаԥхьа ианықәлалак, деигәырӷьоит, уи аурыс литературеи аԥсуа литературеи реимадарақәа рызгьы даара акраанагоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0