Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥшь-шьапык зҵоу аҩызцәа": аҩнытә ԥстәқәеи жәлар разгәаҭарақәеи

© Sputnik / Дмитрий МакеевЖивотные на улице Геническа
Животные на улице Геническа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2023
Анапаҵаҩра
Алеи ацгәи рхымҩаԥгашьала амш зеиԥшрахо злеилыркаауаз атәы Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ауаҩы иԥсҭазаара адац-аԥашә ахьакыз адгьыл акыр абиԥарақәа еиҵанааӡахьеит. Адгьыл заҟа уахӡыӡаауа аҟара ахы унархәоит.
Зынхара-бзазара адгьыл ақәаарыхра иадызҳәалаз изы амш бзиа гәыхәтәыхьӡагоуп. Амш бзиеи амшцәгьеи ралкаара, ауаҩы икәша-мыкәша иҟоу ашьклаԥшра иахылҿиааит азгәаҭарақәа жәпакы. Иаагозар, акыр шықәсқәа раԥхьа ауаҩы инапы иаиршьцылаз, иҩнаҟны ицынхо "ԥшь-ԥшьапык зҵоу иҩызцәа" алеи ацгәи рхымҩаԥгашьала амш зеиԥшрахо аилкаара илшон.

Ацгәы

Ҵис хырбза-кәырбза, ныхгыла-аахгыла иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәа ишырҳәо ала, иара аҿы анаӡәӡәо, дук хара имгакәа ақәа ауеит.
Ацгәы ацәа алҵра анацәымӷха – иԥхаррахоит.
Ацгәы аҭӡамц анабӷаҷы – аԥша иазҳәоуп.
Ацгәы агәы ҩарханы ианыцәа – амш бзиа иатәуп.
Аӡын ацәгәы ахы агәыҵаҵа ианыцәа – аҵаа ҟалоит рҳәоит.
Ацгәы
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2019
"Ацхь уагааит", мамзаргьы аԥсуаа ацгәы ишазыҟоу

Ала

Ала абгақәа ирхылҵышьҭроуп, аха ауаҩы иҩнитәижьҭеи гәҭыӷьӷьаала изыҟоу, дзыхьчо ԥстәуп. Аԥсуаа агәра ргоит ала чымазарак ахьыр, уи зхәышәтәыша ашьац ԥшааны ишафо, ахала ахы шахәышәтәуа. Убасгьы иҟоуп агәаанагара ауаҩы аҵиаақәа шыхәшәу раԥхьаӡа изырбаз алоуп ҳәа.
Аԥсны ҳаҭыр зқәырҵо ала хкыжәлақәоуп ахьчалақәа, амаҵуарқәа (азгә. "гончая собака"), алашәарыцақәа уҳәа.
Илахҿыхӡа ашҭа-агәара иқәыз ала иаалырҟьаны мыцхәы ацәара хҭанакызар, жәлар разгәаҭарала, уи амшцәгьа иазҳәоуп.
Ала амӡырха ианықәбылгьа – ақәа иатәуп.
Аӡын ала абжьы ргәаҩаны ишуазар, асы ауеит.
Ала агәы ҩарханы ацәара хҭанакызар, дук мырҵыкәа ашоура бааԥс ҟалоит.
Ала инамыцхәны асы илабылгьозар, аурҭ асуеит.
Погода - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
"Анхаҩ бзиа илақәа рыла дудыруеит": аԥсуаа ала ишазыҟоу
Ажәабжьқәа зегьы
0