Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Ала ауаҩы гәык-ԥсык ала изыҟоу, дызмыԥсахуа, дзыхьчауа, ҩызара изызуа, ҳаҭыр-пату зқәырҵо ԥстәуп. Аԥсуаа ҳҟны "Ала ауаҩы ишьа алоуп" ҳәа рҳәо аҟынӡа ирзааигәаны ирыԥхьаӡоит.
Иааҭкааны иуҳәозар, ажәытәӡа аахыс ала абзазараҿы ахархәара ду аман, аҩны-агәара, арахә-ашәахә рыхьчараҿы, ашәарыцараан уҳәа ауаҩы ала ада дхәарҭамызт. Дарбан нхаҩызаалак акы, ҩба иреиҵамкәа алақәа изанын. Шамахамзар, иахьагьы ақыҭақәа рҿы алақәа рааӡара атрадициақәа ирыцырҵоит, уимоу "анхаҩ бзиа илақәа рыла дудыруеит" ҳәа азгәарҭоит.
Жәлар разгәаҭарақәа рҟнытә
Аԥсуаа ала ԥсабарала иҟәышуп, ауаҩы ԥхьаҟа агәаҟра-арыцҳара дақәшәараны даныҟоу заанаҵ ацәа ианыруеит, игәиҽаннаҵоит рҳәон. Ала иадҳәаланы жәлара ирылаҵәаны иҟаз азгәаҭарақәа иреиуан:
- Ала анууа агәаҟра, ма абылра ҟалоит.
- Ала иарбаны акруфар, мамзаргьы ала ахәы уфар, ула аларқәықә (даҽакала акәырҵыкь) алнахуеит рҳәоит.
- Ала аҽуқәнарххар, уаашьо уалагоит. Даҽа вариатк аҿы - ала аҽуқәнарххар, аӡә дузаауеит.
- Ала уахыԥар, умгәа ухьуа, ҟәырҟәырҳәа абжьгара иалагоит.
- Ала ахы рханы иахьууа агәараҭаҿы аӡә дыԥсуеит.
- Аласба аныхәыҷу аҿыҵа апырпыл ыҵушьыр, иџьбарахоит рҳәоит.
- Аласба аҵыхәеи алымҳаи хуҵәар, агәыжәла цәгьахоит.
- Ала абз хәшәуп, ахәра арбзар, иӷьоит рҳәоит.
- Аласба аӡәы имухуазар, ацымхәра апырпыл иуҭар, ала џьбарахоит ҳәа азгәарҭоит.
- Ала зыцҳаз, иуцҳаз ала ахәы ыҵхны ибылны иахьацҳаз иақәуҵар бзиоуп, ирласны иӷьоит рҳәоит.
- Алақәа ахьеибафо анышә аашьҭыхны иуҭахым аӡә иҩны иҩнауԥсар, аҭаацәа алақәа реиԥш еибафо иалагоит.
Аиҿырԥшрақәа
Ҵабыргуп, есымшатәи абзазараҿы ала ахаҿсахьа ҩбаны – зны иҵоураны, зны иҵоурамкәа ианыҟоугьы аабоит. Ҿырԥштәыс иаагозар, ала ахаҿсахьа ауаҩы идкыланы "длоуп", "длахшоуп", "лак иоуп", "лахшак иоуп" анырҳәо, иҵоуроугьы иҵоурамгьы хәшьарак аҳасабала ахархәара рымоуп. Аус злоу арҭ ажәақәа ухы ишаурхәо ауп.
Ажәаҳәаҩ аӡәы дирҽхәарц аниҭаху, "лак иоуп" ала аӷәӷәареи, агәымшәареи, аилҟьеилӷәыцәреи уҳәа реиԥш иҟоу аҟазшьа ҵоурақәа ирсимволны ҵакыс иаиуеит – "дыӷәӷәоуп", "деиҿамсуп", "дгәымшәоуп", "акы дацәшәом".
Даҽа контекст аҟны "лак иоуп", "лахшак иоуп" анырҳәо, арҭ ажәақәа ззынархоу ԥхамшьак иоуп, "дламысдоуп", "дыцәгьоуп" уҳәа реиԥш иҟоу иҵоурам аҟазшьақәа ирдыргоуп.
Ажәаԥҟақәа
Иҳамҳәарц залшом ала иахҳәаау, аха зҵакы еиҭарсу жәаԥҟақәак ртәгьы. Арҭ ажәаԥҟақәа рҿы ала аӡбахә шҳәоугьы, хықәкыла иаадырԥшуа ауаа еиуеиԥшым рҟазшьақәа роуп:
Ала шуеит - аҽы ҳәуеит
Аӡәы изыӡырҩырц, иажәақәа рхахьы иааргарц анырҭахым абри ажәаԥҟа рхы иадырхәоит. Даҽакалагьы, "ала шуеит - аҽы ҳәуеит" ҳәа узырҳәоит умч зқәымхо, уззымиааиуа, уԥсы ҭоуп ҳәагьы иҟам уиқәмақаруа уалагар.
Ала аҵыхәа ткьацла иузыриашом
Иарбан усзаалак иара ишахәҭоу, ишаманшәалоу уазымныҟәар, акгьы алҵӡом. Убри ауп ажәаԥҟа ҵакыс иамоу.
Ала ажьы ала иафом
Еидҳәалоу, ацәгьа-абзиа ззеилоу ауаа еибаҭиӡом, еидгылоит.
Ала ҵыхәаршәшәоит ҳәа улаба каумыршәын
Ауаҩы хәымга иагьа дқьақьаргьы, иагьа иҽиргәыбзыӷыргьы, игәра умгароуп, убас ҳабжьнагоит зыӡбахә ҳәо ажәаԥҟа.
Ала анажә, имитаҟәуан
Ауаҩы данажәлак, иқәра ишаҵанамкуа, ишихәҭам ихы мҩаԥиго далагар абас рҳәоит.
Аҵыхәтәажәа
Идыру акоуп, алақәа рынцәахәыс аԥсуаа ирымаз Алышькьынтыр шиакәыз. Убри аҟнытә, традициала иахьа уажәраанӡагьы аԥсуаа рыбзазараҿы "Алышькьынтыр уагааит", "Алышькьынтыр уазшахааит", "Алышькьынтыр уахәхааит" ҳәа ала иазкны ирҳәо ашәиратә формақәа акыр иҟазшьарбагоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа
-
Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи