Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иҟоу Москва Аҩны Аԥсны ахәышәтәырҭақәа ҩба амедицинатә маругақәа рынаҭеит

© Foto / Дом Москвы Галская больница и сухумская поликлиника получили от "Дома Москвы" медизделия
Галская больница и сухумская поликлиника получили от Дома Москвы медизделия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2023
Анапаҵаҩра
Акциа мҩаԥысуеит Москва Аиҳабыра аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа рыдгылара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Аҟәа иҟоу Москва Аҩны амедицинатә маругақәа рынаҭеит Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭеи Галтәи Араионтә хәышәтәырҭа хадеи, абри атәы аанацҳауеит акультура-усутә центр апресс-маҵзура.
Арҭ амедусбарҭақәа рхаҭарнакцәа 2022 шықәса рзы Москва Аҩны иадҵаалеит ателескопиатә сақьаҭқәа, арныҟәагақәа, аҵәарсҭақәа алзмыршо агәабанқәа, аинвалидцәа зықәдыртәо арныҟәагақәа, артериалтә шьақәыӷәӷәара ашәагақәа, ашьа ашьақар шаҟа алоу агәаҭагақәа, иара убас апульс гәаҭагақәа уҳәа егьырҭ амедицинатә маргуақәа рырҭарц.
© Foto / Дом Москвы Аҟәа иҟоу Москва Аҩны Аԥсны ахәышәтәырҭарқәа ҩба амедицинатә маругақәа рынаҭеит
Галская больница и сухумская поликлиника получили от Дома Москвы медизделия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2023
Аҟәа иҟоу Москва Аҩны Аԥсны ахәышәтәырҭарқәа ҩба амедицинатә маругақәа рынаҭеит
Акциа мҩаԥган Москва Аиҳабыра аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа рыдгылара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
2022 шықәса рашәарамзазы Москва Аҩны амедицинатә маругақәа анаҭеит Очамчыратәи Араионтә хәышәтәырҭа хада.
Ажәабжьқәа зегьы
0