https://sputnik-abkhazia.info/20230724/ymchybzh-rynua-gdoua-arotavirus-rydyrbaleit-300-yk-akhya-1047093519.html
Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа аротавирус рыдырбалеит 300-ҩык ахәыҷқәа
Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа аротавирус рыдырбалеит 300-ҩык ахәыҷқәа
Sputnik Аҧсны
Бжьаратәла есыҽна 30-30-ҩык Гәдоуҭа ахәышәтәырҭақәа рахь идҵаалоит ԥхынгәымза абжараахыс. 24.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-24T14:35+0300
2023-07-24T14:35+0300
2023-07-24T14:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/1b/1036080600_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_f3646d34484cecbb1162292310ea08f2.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа аротавирус рыдырбалеит 300-ҩык ахәыҷқәа ҳәа адырра ҟалҵеит есымчыбжьа араион ахадараҿ имҩаԥырго аилацәажәараҟны араион асанитар ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа. Ҷанԥҳа иазгәалҭеит ичмазцәоу зегьы ахәыҷқәа шракәу. Ачымазара аҟазшьақәа – адатра, аҿыхра. Ахәышәтәырҭахь идҵаалаз рҟынтә зҭагылазаашьа уадаҩыз дыҟам. Ахәыҷқәа иахәҭоу апроцедурақәа ирыхрыжьуеит, анаҩс рыҩныҟа ма раангыларҭахь иоурыжьуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/1b/1036080600_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_77d705fe6b5db41c31d8d20a1782d130.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа аротавирус рыдырбалеит 300-ҩык ахәыҷқәа
Бжьаратәла есыҽна 30-30-ҩык Гәдоуҭа ахәышәтәырҭақәа рахь идҵаалоит ԥхынгәымза абжараахыс.
АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа аротавирус рыдырбалеит 300-ҩык ахәыҷқәа ҳәа адырра ҟалҵеит есымчыбжьа араион ахадараҿ имҩаԥырго аилацәажәараҟны араион асанитар ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа.
"Бжьаратәла есыҽны 30-30-ҩык Гәдоуҭа ахәышәтәырҭақәа рахь идҵаалоит ԥхынгәымза азбжаахыс аротавирус рыманы. Реиҳараҩык асасааирҭа "Россиа" аҟны зыԥсы зшьо роуп. Ари еиҳарак изыхҟьо Урыстәыла ари ачымазараз алаҵа ҟарҵаӡом, ҳара ҳхәыҷқәа алаҵа рзыҟарҵоит. Уи адагьы, аҭыԥантәи ахәыҷқәа уиаҟара амшын иҭалаӡом", - лҳәеит лара.
Ҷанԥҳа иазгәалҭеит ичмазцәоу зегьы ахәыҷқәа шракәу. Ачымазара аҟазшьақәа – адатра, аҿыхра. Ахәышәтәырҭахь идҵаалаз рҟынтә зҭагылазаашьа уадаҩыз дыҟам. Ахәыҷқәа иахәҭоу апроцедурақәа ирыхрыжьуеит, анаҩс рыҩныҟа ма раангыларҭахь иоурыжьуеит.