Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион ашықәсбжатәи ашәахтә 26% иацҵаны инагӡоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Президент Абхазии провел выездное совещание по итогам проделанной работы за полугодие Гудаутского района
Президент Абхазии провел выездное совещание по итогам проделанной работы за полугодие Гудаутского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2023
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Гәдоуҭа араион аҟны анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит шықәсыбжактәи русура аихшьаалақәа рзы.
ГӘДОУҬА, ԥхынгәы 25 - Sputnik, Бадри Есиава. 2023 шықәса актәи азбжазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Гәдоуҭа араион абиуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 141 миллион мааҭ инаӡоит, убри аан ауснагӡала ишьақәырӷәӷәан 111 миллион мааҭ иҳәеит аҳәынҭқарра ахада имҩаԥигаз анҭыҵтәи аилатәараҿы, Гәдоуҭа араион ашәахтә маҵзура аиҳабы Рауль Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла ари аамҭазы:
ахашәалазы ашәахтә иарбаз 86% инагӡоуп,
ахашәалахәытә шәахтә - 132%,
акцизтә шәахтә - 148%,
адгьыл азы ашәахтә - 125%,
амазараз ашәахтә - 114%,
ашәахтә ҷыда - 121%,
апатент - 106%.
Аҩӡба иҳәеит афеидашәахтә шынагӡам, уи Риҵатәи апарки Афонтәи аҳаԥи рҭааҩцәа рхыԥхьаӡара иахьеиҵахаз ишадҳәалоу.
"Ԥхынгәы 1 азтәи адыррала Риҵатәи апарк аҭааҩцәа 35 нызқьҩык рыла еиҵан, ԥхынгәы 11 азтәи арбагала 51 нызқь рыла еиҵахеит ииасыз ашықәс иаҿырԥшны. Аҳаԥы аҿы ԥхынгәы акы азтәи арбагала аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 3200-ҩык рыла еиҵан", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҩӡба иазгәеиҭеит Риҵатәи апарк аҟынтә ашәарақәа 20 миллион рыла ишеиҵахаз, Афонтәи аҳаԥы аҟынтәи - 4,2 миллионк рыла.
Ари афеидатә шәах 4,5 миллион мааҭ рыла иланарҟәит.
Ус шакәугьы атуристтә усхк аҿы аҿиарақәа убарҭоуп. Иахьазы ашәахтә маҵзураҿы ашәҟәы иҭагалоуп 518 иурист хаҿы, ахаланаплакыҩцәа – 2416-ҩык.
Аилацәажәара рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, атәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Апарламенти Гәдоуҭа араионтә Еизара адепутатцәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0