Урыстәыла

Путин ахаҵара/аԥҳәысра аԥсахра азинҟамҵаразы азакәан инапы аҵеиҩит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание о текущей ситуации в нефтегазовом секторе
Президент РФ В. Путин провел совещание о текущей ситуации в нефтегазовом секторе - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2023
Анапаҵаҩра
2018 шықәса инаркны 2022 шықәсанӡа Урыстәыла Аграждантә ҭагылазаашьаз аҭаҩратә шәҟәқәа рҟны ҩ-нызқь инеиҳаны згәаҭа анын ахаҵара/аԥҳәысра аԥсахразы.
АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин азакәан инапы аҵеиҩит ахаҵара/аԥҳәысра аԥсахра азин аҟамҵаразы. Уажәшьҭарнахыс асеиԥш аура азин ҟалоит амедицинатә ҭахрақәа инарықәыршәаны мацара. Зхаҵара/зыԥҳәысра зыԥсахыз ахәыҷы ааӡара игара азин рырҭом. Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.

Адокумент инақәыршәаны аҭаацәа руаӡәк ахаҵара/аԥҳәысра иԥсахзар аҭаацәара аԥыххоит. Абри азы аԥсахрақәа алагалахоит Аҭаацәаратә Закәанеидкыла 16-тәи ахәҭаҷ. Зхаҵара/зыԥҳәысра азакәан амчра аиуаанӡа изыԥсахыз азакәан анормақәа ирыҵанакӡом.

Иара убасгьы, аграждантә ҭагылазаашьатә ҭаҩраҿ аԥсахарқәа ма ариашарақәа рылагалара мҩаԥнагоит АҬАР, уи азы амедицинатә еиҿкаара аҳақьымцәа злахәу акомиссиа рылкаа ыҟазар.
Азин ҟаҵам ахаҵара/аԥҳәысра аиҭакра иазырхоу амедицинатә халагаларақәа, ахәшәқәа рыдкыларагьы абрахь иналаҵаны.
Ахаҵара/аԥҳәысра аԥсахраан медицинатә халагалароуп ҳәа ишьаӡам ауаҩы ициз анормақәа ирыцәхьаҵу, агенетикатәи аендокринтәи чымазарақәа ирыдҳәалоу аҭагылазаашаьқәа. Уи аҭагылазаашьа аӡбра арҭоит аҳақьымцәа ркомиссиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0