00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хәытаба ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәаразы азакәан ариашарақәа алагалара атәы далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ашьаус ҭакԥхықәра шьақәнаргылеит иҟам-ианым ала цәаԥҽрыла иаартны аинформациа-телекоммуникациатә ҳақәеи "Аинтернети" рыҟны ахцәажәаразы.
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Аусеилыргара еснагь иацәыуадаҩуп ашьақәырӷәӷәара, ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәаз иаарԥшра, убри аҟынтәи ари ахәҭаҷ ала аусеиларгара шамахамзар ихацдыркӡом ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Жәлар Реизара адепутат Дауҭ Хәытаба.
"Ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәара - ари даара зышьақәырӷәӷәара уадаҩу хәҭаҷуп, убри аҟнытә ара ихымԥадатәиуп аацҳамҭа шымцу адырра. Аусеиларгаратә усбарҭақәа хымԥада ишьақәдырӷәӷәароуп, ахара здырҵо, ишидыруаз ауаҩы дызлаҟм ала дышихцәажәаз. Убри аан ажәабжь, пату зқәу ауаҩы иаҳаҭыри, изанааҭтә-усура хаҭабзиареи ланырҟәуеит", - ҳәа иҳәеит Хәытаба.
Хәытаба иажәақәа рыла, Аԥсны ас еиԥш аус ашьақәырӷәӷәара знык-ҩынтә роуп ианзаларшахахьоу.
Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәа рахь ариашарақәа ахаша, ԥхынгәы 26 рзы.
Аилыркааратә цҵаҿы ишаҳәо ала, ариашарақәа рзырхоуп ареспублика азакәанԥҵара ашьауӷатәи ашьауӷа-процессуалтә нормақәеи реиӷьтәра.
Аԥсахрақәа аинтернет назлоу аинформациа-телекоммуникациатә ҳақәа рҿы иҟам ала ахцәажәараз ашьауӷатә ҭакԥхықәра шьақәдыргылоит.
Уи адагьы ишьҭыххоит ахараԥса:
иҟам-ианым ала цәаԥҽрыла ахцәажәаразы – 50 - 100 нызқьмааҭ (уаанӡа 10 - 25 нызқьмааҭ),
иҟам-ианым ала цәаԥҽрыла ауаа ирбо-ираҳауа ала ақәгылара, "Интернет" налаҵаны АИХқәа рҿгьы – 50 - 100 нызқьмааҭ (уаанӡа 20 - 40 нызқьмааҭ),
ауаҩы ихьанҭоу ма даара ихьанҭоу ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа иҟам-ианым ала цәаԥҽрыла ахцәажәаразы – 150 - 200 нызқьмааҭ ма 2-5 шықәса ихақәиҭра иалхәдатәра (уаанӡа 2-5 шықәса ихақәиҭра иалхәдатәра).
Ажәабжьқәа зегьы
0