Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акәашаратә театр "Гжель" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ иқәгылоит

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонцерт по случаю праздника Навруз
Концерт по случаю праздника Навруз - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә акәашаратә театр "Гжель" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ иқәгылоит нанҳәа 22 рзы.
Аконцерт Аԥсны Ахьыԥшымра 15 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгахоит.
""Гжель" атеатр Урыстәыла аҟазара цҳаражәҳәаҩс иқәгылоит. Зыхьӡ ҳараку аколлектив аҳәынҭфилармониаҿы иахьықәгыло гәахәароуп ҳара ҳзы", - иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
"Гжель" аԥиҵеит еицырдыруа ахореограф, Урыстәыла жәлар рартист, апрофессор Владимир Захаров 1988 шықәсазы, аурыс жәлар рнапҟазара- Гжель 650 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы.
1993 шықәсазы атеатр ҳәынҭқарратәхеит, 1999 шықәсазы академиатә театр ҳәа астатус арҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0