Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Федотов Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз апрограммақәа реихшьала ҟаиҵеит

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтуденты
Студенты - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2023
Анапаҵаҩра
Бжьаратәла ҭыԥк аҿы ҩыџьа ықәгылан. Еиҳа иалырхуаз азанааҭқәа иреиуан: амедицина, IT-занааҭ, аргылара, архитектура, ажурналистика.
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҭаларазы инашьҭан 203 рзаҳал, урҭ рҟынтәи 89 кандидат рыдкылоуп, 84 рызҵаарақәа рыӡбоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.
"Аҭагылазаашьа зынӡа ҳгәы иахәоит ҳәа ҳазҳәом. Сынтәа аҳаирбаӷәазаз аквотақәа алхын, аха атехникатә занааҭқәа рзы иалкааз 25 квота рҟынтәи арахь зхы зырхар зҭаххаз ааҩык роуп", - иҳәеит Федотов.
Федотов иажәақәа рыла, аԥснытәи абитуриентцәа рыҩаӡара акыр иҳаракуп, Аԥсны аҵара ахаҭабзиара еиҳа-еиҳа иҳаракхоит, еиӷьхоит.
"Ҵыԥх ажурналистикатә еицлабра "Взгляд - 2022" мҩаԥаагеит. Сгәы иаанагоит ари аицлабра аӡәырҩы ажурналист изанааҭ ргәанырԥхеит ҳәа", - азгәеиҭеит Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.
Уи адагьы Дмитри Федотов далацәажәеит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало абитуриентцәа атестқәа ишырхысуа.
"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥышәара мҩаԥаагоит еиԥшны. Иааиуа зегьы аҭалараз иахәҭаны иҟоу адокументқәа ааргоит. Сынтәа агәахәара ҳнаҭеит аиҳараҩык иҭышәынтәалан ари аус иахьазнеиуаз. Ҳәарада, иҟан ҳконсультантцәа рыцхыраара зҭахызгьы, аха урҭ еиҵан", - иҳәеит иара.
Атехникатә, амедицинатә, IT-программақәа уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рыла аҵараиурҭа иҭаларц зҭаху Россотрудничество аҟазауаа аԥышәара иахрыжьуеит латәарада.
Возобновление очного обучения в вузах - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2023
Аԥсны
Россотрудничество аԥснытәи абитуриентцәа рҟны еиҳа иалырхуа азанааҭқәа ртәы рҳәеит
"Арҿиаратә занааҭқәа алызхуа ракәзар, рырҿиаратә усумҭақәа нарышьҭуеит иалырхыз аҵараиурҭақәа рахь. Уа ма иаразнакы иахырыԥхьаӡалоит ма арҿиаратә еицлабра иаладырхәуеит", - иҳәеит Федотов.
Абитуриентцәа иалырхыр рылшоит фба рҟынӡа ҵараиурҭа аҭаларазы.
"Фба рҟынӡа ҵараиурҭа алхра ауеит, анаҩс дара аҵараиурҭақәа рхаҭақәа аицлабра мҩаԥыргоит. Убри аан аҳҭнықалақьтә ҵараиурҭақәа рҭахрақәа еиҳа иҳаракуп. Иҭало рбаллқәа ҳаракызар аҳҭнықалақьтә ҵараиурҭа иҭалоит, маҷк илаҟәызар – егьырҭ ақалақьқәа рҵараиурҭақәа ирҭалар ҟалоит", - еиҭеиҳәоит Федотов.
Абитуриент аамҭакала ҩба-хԥа ҵараиурҭа рахь дрыдыркылар иара ихаҭа иалихуеит еиҳа игәаԥхо иҳәеит Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы.
Ажәабжьқәа зегьы
0