Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афильм "Противостояние" аверсиа ҿыц ҭырхит Аԥсны

© Sputnik / Томас Тхайцук Съемки фильма "Противостояние"
Съемки фильма Противостояние  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2023
Анапаҵаҩра
Асоветтә версиа "Противостояние" аекран дуқәа рҿы ицәырҵит 1985 шықәсазы. Афильм аҟны Семион ироль хада наигӡеит Олег Басилашвили.
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Асоветтә шәҟәыҩҩ Иулиан Семенов ироман ала афильм "Противостояния" Аԥсны аҭыхрақәа хыркәшахоит.
"Иахьатәи аамҭа иақәшәо ирҿыцны аҭыхра схаҿы иааит, избанзар артистцәа ҿыцқәоуп, ахәаԥшыҩцәа ҿыцқәоуп, аҿыцра сҭаххеит", - ҳәа игәҭакқәа ртәы иҳәеит ароль хада назыгӡо, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Владимир Вдовиченков.
Актиор иҳәеит Аԥсны раԥхьаӡа акәны дшааз, аҭыхрақәа ирыбзоураны мышқәак рыла акыр аҭыԥшӡарҭақәа дшырҭааз.

"Даара шәтәыла ссируп, аԥсабара ԥшӡоуп, ауаа гәыразқәоуп, уахьнеилазаалакгьы акыруҿарҵоит. Ара Аҟәа аҭыхрақәа ҳаман, нас Мысра иҟоу Горбачев иҩны аҟны, анаҩс Риҵа", - иҳәеит иара.

Вдовиченков иажәақәа рыла, Аԥсны афильмқәа рҭыхраз иҭыԥ бзиоуп, араҟа иҟоуп зегьы - аԥсабара, аҳауа, архитектура.
Афильм арежиссиор Ҭемыр Алпатов иҳәеит, ароман ахәҭак иара асовет фильм аҿгьы Аԥсны ишҭыху, убри аҟнытә аҭыԥ рымԥсахырц шырӡбыз.
"Аԥсны алҳхит избанзар, ашәҟәы аҟныи, иара ажәытә фильм аҟныи иҟоуп. Убри аҟнытә имԥсахӡакәан арахь ҳааны иҭаҳхырц ҳаӡбеит. Аԥсны аҭыхрақәа мҩаԥаҳгоит ҳаблала аҭыпшӡарақәа ахьаҳбо, иахьҳгәаԥхо. Аӡиа Риҵа аус аауит, Гәдоуҭа хәҭақәа ҭаҳхит, уажәы Аҟәа аԥшаҳәеи ажәытә баӷәазеиа рыҟны аҭыхрақәа мҩаԥаагоит, анаҩс аҳаирбаӷәазаҿ иҭаҳхуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Арежиссиор игәаанагарала, Апсны афильм аҭыхраз даара иманшәалоуп. Уи азы ихадароу аҭыԥ ааныркылоит аҭыԥантәи ауааԥсыра, дара аҭыхрақәа раан ирыцхраауеит.
"Ари афильм - ажәытә фильм ахшыҩҵакеиҭакра, ари иҿыцу версиоуп. Ажәытә фильм џьбаран. Араҟа ҳара иаҳҭахуп даара иԥшӡахарц, шәтәыла аҭыԥшӡарақәагь излаҳалшоз ала иааҳарԥшит", - ҳәа азгәеиҭеит арежиссиор.
Нанҳәа 4 рзы Аԥсны аҵыхәтәантәи аҭыхрақәа мҩаԥгахоит, афильм "Актәи аканал" аҟны ацәырҵра азгәаҭоуп 2024 шықәса лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0