Урыстәыла

Ирина Мирошниченко лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗакрытие 36-го Московского Международного Кинофестиваля
Закрытие 36-го Московского Международного Кинофестиваля - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәымзазы 81 шықәса зхыҵыз Мирошниченко агәыхьаз ахәшәтәырҭа дҭан.
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. РСФСР жәлар рартистка Ирина Мирошниченко 82-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости МХАТ ашкол-астудиа аректор Игор Золотовицки иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Мирошниченко Иаҳхысыз амчыбжь азы ареанимациахь днаган лгәы аангылеит ҳәа. Лҭагылазаашьа хьанҭан.
Ирина Мирошниченко диит 1942 шықәса ԥхынгәы 24 рзы Барнаул. 1965 шықәсазы МХАТ далганы атеатр аҿы аусура далагеит.
Мирошниченко атеатр аҿы аиԥш акиносахьақәа рҿгьы дыхәмаруан.1963 шықәсазы Георги Данелиа ифильм "Я шагаю по Москве" аҿы дҭырхит, анаҩс арольқәа налыгӡон: "Их знали только в лицо", "Ошибка резидента", "Зимняя вишня" уҳәа ирацәаны афильмқәа рыҟны.
1998 шықәсазы Мирошниченко иланашьан РСФСР жәлар рартистка ҳәа ахьӡ лыхҵан, иланашьан аорденқәа "Знак Почета", "Орден Почета" (1998), "За заслуги перед Отечеством" III, IV аҩаӡарақәа, "Орден Дружбы" III аҩаӡара.
Ажәабжьқәа зегьы
0