Урыстәыла

Норвегиа Урыстәыла иаҩызам атәылақәа рсиахь ианырҵеит

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗакрытие норвежско-российской границы для грузового транспорта
Закрытие норвежско-российской границы для грузового транспорта - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин "Аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа иҩызарам румҭақәа рнырраз (рҿагылараз) ауснагӡатәқәа рыдкылараз" аусԥҟа инапы аҵеиҩит мшаԥы 23, 2021 шықәсазы.
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра Норвегиа "Урыстәыла адипломатиатәи аконсултәи хаҭарнакрақәа ирҿагыланы иҩызаратәым аумҭақәа мҩаԥызго" атәылақәа рсиахь иаҵадыркит ҳәа аанацҳауеит Аиҳабыра рсаит.
"Аусԥҟа (Урыстәыла ахада Владимир Путин мшаԥы 23, 2021 шықәсазы инапы зҵеиҩыз – аред.) иазгәанаҭоит иҩызам аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәарҭақәа, рхаҭарнакрақәа, рконсулрақәа, рҳәынҭусбарҭақәа рахь Урыстәыла аҵакыраҿы иҟоу ахаҿқәа рҟынтәи аусуҩцәа рыдкылара аԥкра мамзаргьы зынӡа азинҟамҵара", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Уи адагьы, аусԥҟа инақәыршәаны иҩызам аҳәынҭқаррақәа рдипусбараҭқәа аилаӡарақәа рыдҟарҵалар ҟалоит хыԥхьаӡара кьаҿла ахатәхаҿқәа. Норвегиа абри азы иазоужьуп лимитла 27-ҩык.
Урыстәыла адипломатиатәи аконсултәи хаҭарнакрақәа ирҿагыланы иҩызаратәым аумҭақәа мҩаԥызго атәылақәа рсиахь иарбоуп: ЕАА, Чехиа, Бырзентәыла, Даниа, Словениа, Хорватиа, Словакиа. Асиа ырҭбаахар алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0