Урыстәыла

Путин урыстәылатәи ааглыхра аҿиара ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Валерий Шарифулин/ POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание с участием руководителей силовых ведомств
Президент РФ В. Путин провел совещание с участием руководителей силовых ведомств - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2023
Анапаҵаҩра
Ааглыхра аус адулараҿ аҭагылазаашьа ҭышәантәалоуп ҳәа азгәаҭо атәыла ахада иҳәеит, аусхк аҿиара шамоу шунарбо аусуцәа рхыԥхьаӡара аҽымԥсахреи аулафахәқәа реизҳареи.
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Уажәтәи ацашьала Урыстәыла ааглыхра ашықәс анҵәамҭазы 12% еизҳар ҟалоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Абри атәы аанацҳауеит аекономикатә информациа амаҵзура "Прайм" атәыла ахадеи аилахәырақәа рхадацәеи ааглыхра аҿиара азҵаарақәа рзы реицәажәара ҵаҵӷәыс иганы.
"Аҩбатәи аԥшьбараз ааглыхра аизҳара – 1,2% иҟазар уажәы 1% инаӡоит. Еишьашәалоуп уҳәар ауеит. Ашықәстә рбагала 12% ҟалоит иҟоу шыҟоу ицартә иаҳзыҟаҵар. Уи азы ҳалшарақәа зегьы еидкылатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Ахада иҳәеит аҭагылазаашьа бзиа шыҟоуа компутерқәа, аелектронтәи аоптикатәи аалыҵ, аметаллургиатә, афымцамыругатә, автомашьынақәа аламҵакәа атранспорттә хархәагақәа рҭыжьра аусхк аҟны. Убри аан ашықәс аҩнуҵҟа еиҳа ишьақәхеит амҿы аус адулареи ахәшәқәа рҭыжьреи русхк.
Путин иҳәеит иахьазы аус адуларатә ааглыхраҿы аус шыруа 10 миллионҩык ауаа, ари 2021 шықәсатәи арбага ишақәшәо. Убри аан аулафахәы акыр ишьҭыҵхьеит. Лаҵарамзатәи адыррақәа рыла 20% иазҳаит. Ари арбага иаҳнарбоит урыстәылатәи ааглыхра ахырхарҭа ҿыцқәа шаԥшаауа, анҭыҵынтәи аҿаҵарақәа шаиуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0