Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кациа еиҭеиҳәеит акарпыжә бзиа шалхтәу

Кациа еиҭеиҳәеит акарпыжә бзиа шалхтәу
Анапаҵаҩра
Сынтәа акарпыжә аарыхреи аҽаҩреи зеиԥшроу, аахәаҩ излаидырыр илшо акарпыжә ҟало иҟаламу, агьама бзиоу ибзиаму. Анхацәа раарыхра аҭираҿы уадаҩрас ирымоу, рџьабааи рхашәалеи ахьынӡаҭибаго ртәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аӡҩыбжьа ақыҭан акарпыжә аазрыхуа Сулҭан Кациа.
Анхаҩы иажәақәа рыла, аҭыԥантәи акарпыжә хаҭабзиарала акыр еиӷьуп анҭыҵынтә иаагоу аасҭа.
"Акарпыжә адгьыл ҿыц аҟны иныҟоуҵалак, уџьабаа уԥылоит, 70-80 тонна рҟынӡа ааурыхыр ауеит. Акарпыжә амш адагьы аамҭагьы амоуп. Акарпыжә шьапык аҿы иҿалар ҟалоит 20-30 цыра, 1000 шьапы 30 тонна алҵуеит", - иҳәеит Кациа.
Иара иазгәеиҭеит, адгьылқәа рыхҿаразы анхаҩы аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара иҭазар, уи аҳәынҭқарреи анхаҩи ишырзыфеидахоз, иҳәеит акарпыжәаз адгьылқәа ҩышықәсала ишыдрыцқьо, анаҩс уаҟа аџьықәреи ауҭраҭыхи раахыраз акыр ишыманшәалахо.
Анхаҩы иазгәеиҭеит, акарпыжә ажәла ҩба-хԥа шықәса иуҵәахыроуп ҳәа, илхны адырҩашықәсан илауҵо аҟалара ацәымӷуп ҳәа.
"Ԥақәашь, Баслахә ажәлақәа иҟаз рнаҩс ицәырҵит ажәла бзиақәа: "Кримсон", “Продиусер", аха зегьы иреиҳау “Топ Ган F1", "Каристан F1". Аҵыхәтәантәи акапан 20 кьыла рҟынӡа инеир ауеит. Ирласны иҟало акарпыжәқәа ҳәа иԥхьаӡоуп", - иҳәеит Кациа.
Иара иажәақәа рыла, акарпыжә бзиа аԥшралагьы иудыруеит, иҵару абжьы бзиа ахылҵуеит уанаслак. Убасгьы иазгәеиҭеит акарпыжә аҟалара анагу ауаҩы ишиԥырхагам, иҟалацәоу шакәу ихәарҭам.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0