Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аделегациақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара Амш амҩаԥгара рхы аладырхәуеит

© SputnikФлаг Абхазии и России
Флаг Абхазии и России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2023
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 26 2023 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵуеит.
АҞӘА, нанҳәа 4- Sputnik. Урыстәылатәи аделегациақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара Амш амҩаԥгара рхы аладырхәуеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар аинформациатә маҵзура ТАСС аинтервиу аҭо.
"Исҳәар сҭахуп, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ҳҩызцәа ҳрывагыланы ари арыцхә аҽазыҟаҵара ҳшаҿу. Урыстәыла ауснагӡатәқәа зегьы ахы аланархәуеит. Иазгәаҭоуп Аҟәеи Цхинвали рҭаара. Аделегациақәа ирылахәхоит азакәанԥҵаратәи, анагӡаратәи, арегионалтәи мчрақәа рхаҭарнакцәа", - ҳәа иҳәеит иара.
Гончар иазгәеиҭеит 15 шықәса рыҩнуҵҟа аҩ-республикак рҳәынҭқаррақәа акыр ишдырӷәӷәаз, Урыстәыла уи аҟны ацхыраара шыҟанаҵо.
Иара иажәақәа рыла, ареспубликақәа рыҩнуҵҟатә зеиԥш хашәалахәы ҩынтә иеизҳаит. Уи адагьы жәларбжьаратәи аренаҿгьы аусурақәа мҩаԥысуеит, Аҟәеи Цхинвали реимадарақәа дырҭбаауеит.
Убас, ареспубликақәа рделегациақәа ааигәа ирылахәын Никарагуа Асандинисттә револиуциа 44-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа.
"Урыстәыла иахықәкуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьа арҿиара. Ари еицакра зқәым усуп", - ҳәа иҳәеит Гончар.
Ажәабжьқәа зегьы
0