https://sputnik-abkhazia.info/20230805/aktsia-afyrkhatsa-rymala-khatsyrkup-aa-1047328764.html
Акциа "Афырхацәа рымҩала" хацыркуп Аҟәа
Акциа "Афырхацәа рымҩала" хацыркуп Аҟәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аиааира амшныҳәа 30 шықәса ахыҵра иазку аибашьра-ҭоурыхтә експедициа "Афырхацәа рымҩала" еиҿнакааит Ахьӡ-аԥша амузеии аҿари аспорти русқәа рзы... 05.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-05T20:00+0300
2023-08-05T20:00+0300
2023-08-06T09:00+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/05/1047328041_0:256:2730:1792_1920x0_80_0_0_c3e993ba06613347bb87a2f0b2a51940.jpg
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа ар имҩаԥыргаз ииультәи аоперациа аҳаҭыраз ихацыркуп аибашьра-ҭоурыхтә експедициа "Афырхацәа рымҩала".Аибашьра аветеранцәа, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, аҿар - Ешыра, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы иажәақәа рыла, акциа ахықәкы - агәалашәарақәа реиқәырхара ауп."Абарҭ аҭыԥқәа рҟны ишьаарҵәыраз ажәыларақәа мҩаԥысуан, ииультәи ажәыларагьы уахь иналаҵаны. Усҟан 39-ҩык ҭахеит. Иахьа ҳара иаҳшәу акьаҿқәа ирнуп "Аԥсра ҳазцон – аԥсҭазааразы", ари Владислав Арӡынба иажәақәа роуп. Арҭ ажәақәа рҵакы ӷәӷәоуп, ииашаҵәҟьаны усҟан ҳԥеиԥш азы аԥсра иаԥылон", - иҳәеит иара.Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәылбыҽха ииультәи аоперациа аан иҭахаз ргәаларшәаразы ампышҭақәа ажәҩан ахь иоурышьҭуеит. Атәылахьчара аминистрра адәынтәи акрыфара еиҿнакааит, ааԥхьара рымоуп аибашьра аветеранцәа, ҷыдала ажәылара иалахәыз, аволонтиорцәа, аҵараусбарҭақәа рыстудентцәа, аҿартә хеилакқәа рхаҭарнакцәа.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2023
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
      https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/05/1047328041_0:0:2730:2048_1920x0_80_0_0_b9106a1014ced8e349c113e906d42605.jpgSputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     аԥсны, ажәабжьқәа
Акциа "Афырхацәа рымҩала" хацыркуп Аҟәа
20:00 05.08.2023  (ирҿыцуп: 09:00 06.08.2023) Аԥсны Аиааира амшныҳәа 30 шықәса ахыҵра иазку аибашьра-ҭоурыхтә експедициа "Афырхацәа рымҩала" еиҿнакааит Ахьӡ-аԥша амузеии аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилаки.
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа ар имҩаԥыргаз ииультәи аоперациа аҳаҭыраз ихацыркуп аибашьра-ҭоурыхтә експедициа "Афырхацәа рымҩала".
Аибашьра аветеранцәа, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, аҿар - Ешыра, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. 
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы иажәақәа рыла, акциа ахықәкы - агәалашәарақәа реиқәырхара ауп.
"Абарҭ аҭыԥқәа рҟны ишьаарҵәыраз ажәыларақәа мҩаԥысуан, ииультәи ажәыларагьы уахь иналаҵаны. Усҟан 39-ҩык ҭахеит. Иахьа ҳара иаҳшәу акьаҿқәа ирнуп "Аԥсра ҳазцон – аԥсҭазааразы", ари Владислав Арӡынба иажәақәа роуп. Арҭ ажәақәа рҵакы ӷәӷәоуп, ииашаҵәҟьаны усҟан ҳԥеиԥш азы аԥсра иаԥылон", - иҳәеит иара.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәылбыҽха ииультәи аоперациа аан иҭахаз ргәаларшәаразы ампышҭақәа ажәҩан ахь иоурышьҭуеит. 
Атәылахьчара аминистрра адәынтәи акрыфара еиҿнакааит, ааԥхьара рымоуп аибашьра аветеранцәа, ҷыдала ажәылара иалахәыз, аволонтиорцәа, аҵараусбарҭақәа рыстудентцәа, аҿартә хеилакқәа рхаҭарнакцәа.