Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анцәа игәарԥханы иишаз ауаҩы: Давлеҭ Ԥлиа иҿцәажәара

© Foto / Иааишьҭит Анатоли ЛагәлааДавлет Пилиа
Давлет Пилиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2023
Анапаҵаҩра
Апатриот, 70-тәи ашықәсқәа раахыс амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз, "Аџьа аветеран", Жәлар рфорум "Аидгылара" апрезидиум алахәыла, Кавказ Ашьхаруа жәларқәа Рсовет Ассамблеиа иалаз, "Агәымшәара" амедали Леон иордени занашьоу Давлеҭ Константин-иԥа Ԥлиа иҿцәажәара.
Сара абри ауаҩ бзиа дыздырит 1995 шықәсазы Москва ажурналистцәа реиԥыларак ашҟа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аҟынтәи делегатк иаҳасабала ацара ансықәшәа. Абраҟа инымҩатәны иазгәасҭоит, усҟан Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аиҳабыс дыҟан акыршықәса агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" редактор хадас иамаз, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аналагамҭаз зыҷкәын заҵә хаҵарыла дҭахаз, еицырдыруаз ажурналист Сергеи Михаил-иԥа Кәыҵниа. Усҟан Москва инхоз аԥсуа диаспора шықәсыкахь знык еиқәшәаны қьафурҭа дукаҿ еибадыруан,еизааигәахон, рызхара рыгәҭыхақәа еибырҳәон, нас, Аԥсны имҩаԥырго чара дук аҿы еиԥш, шәаҳәарахон, кәашарахон, гәырӷьарахон аҵх агәы иаарымнахаанӡа. Саргьы абри аныҳәа ду салашәеит ҳҩыза бзиа Татиана Гьаргь-иԥҳа Гәлиа исылҭаз ааԥхьарала. Аиашаз, усҟан убриаҟара ауаа хазынақәа срылаԥшит, сырзыӡҩрит, иахьагьы ианысгәалашәо, сгәы хааӡа иааҟалоит.
Убарҭ ауаа бзиақәа рыгәҭаҵәҟьа дгылан, усҟан Москва имҩаԥысуаз аԥсуаа реизарақәа зегьы реиҿкаараатә гәыԥ хада иалаз - Давлеҭ Константин-иԥа Ԥлиа. Уброуп иареи сареи ҳахьеибадырыз! Апоет Мушьни Миқаиа игәаԥхаҵәҟьоз аӡәы данибалак иҳәалон еиԥш, анцәа игәарԥханы иишаз, ламыслеи ҳаҭырлеи иҭәыз ажәытәтәи аԥсуа хаҵа, аха убри инаԥшьны, даарагьы динтеллигентын, ҳаамҭазтәи адырреи аҵара бзиеи иман. Уи зегьы иара иҟазшьа бзиа иаҵаҵәахын, иуирбаӡомызт, аха агәаҵәа змоу игәаимҭар алшомызт.
Уажәы ҳаиасып акыраамҭа сгәаҵаҿ "ашра" иаҿыз, ааигәа "Литфонд" аҿтәи сыԥсшьарамшқәа раан, уи авара игылоу, иара ихан хьыҵәцараҿ саннеиԥхьа зхы ҳкыз ҳаиҿцәажәара ашҟа.
- Давлеҭ, ҳаиҿцәажәара ҳалагар сҭахуп аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иалагаанӡа Аԥсны Жәлар Рфорум еиҿнакааз Лыхны аԥсуа жәлар Реизара Ду аҿы уи аԥшьгаҩцәа иреиуаз аӡәы иаҳасабала, ааигәаӡа сызхәаԥшыз уҩызцәеи уареи шәфотосахьа ала. Уаҟа дышәгәылакны шәгылоуп Усҟан Аԥсны Актәи Амаӡаныҟәгаҩыс иҟаз, еицырдыруа Лыхнытәи ашәҟәы анапы аҵаҩраз Аԥсны аиҳабыра зегьы уахь иназыԥхьаз, хаҵарылаҵәҟьа зхы аазрыԥшыз, иара убри алагьы зыхьӡ аҭоурых ианхалаз Борис Виқтор-иԥа Адлеиба. Иахьа уара ишԥаугәалашәо урҭ ахҭысқәа?!
- Аԥсуа жәлар, Анатоли, уара ибзиан ишудыруа еиԥш, ес-жәашықәса апротесттә еизара дуқәа мҩаԥыргон Аԥсны араионқәа зегьы алархәны. Урҭ еиҳараӡак инарҭбаан иахьыҟалоз Аҟәа - Ленин иашҭаҿи, Лыхнашҭеи, Мықә ашҭеи рҿы акәын. Арҭ аҭыԥқәа рҿы аизара дук анымҩаԥыргалак, Аԥсынгьы еиҭакра дук ҟалар акәын. Избанзар, урҭ ирлас-ырласынгьы иҟалаӡомызт, ианыҟалагьы хымԥада акы ахылҿиаауан. Сара активлаҵәҟьа сызлахәыз Лыхнытәи Аизара Ду - иалшаз даара ирацәахеит. Насгьы уи Аизара акыраамҭа ҳҽазыҟаҳҵон, ажәлар ирацәаҩӡаны ҳрылсит, агәра дҳаргеит, аԥсуа жәлар аӡәк иеиԥш ҳанымгыла, нас ҳус акгьы алымҵыр шыҟало… Уи бзиан еилыркааит ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа, убри азоуп шәеихароуп анаҳҳәа, изҳацгылаз!
Ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахы ӷәӷәаны иакит 1988 шықәсазы Апсны жәлар рфорум "Аидгылара" анаԥҵаха. Уи еиҳабыс даман Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьаз ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа. Иахьа жәлар дрышәҟәыҩҩуп.
Иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Борис Адлеиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2019
Ауаҩы иацәажәашьа иақәшәоз, зус здыруаз: Борис Адлеиба изы ажәа
Изхысҳәаауа, афорум апрезидиум аилатәарақәа руак аҿы иазырыӡбеит Лыхны ақыҭа ашҭа ду аҿы аԥсуа жәлар зегьы реизара. Абри ажәа анысҳәо сара схәы сжьы гылоит, избанзар, анкьаӡа аахыс ари аҭыԥаҿ имҩаԥысуаз Аизара Дуқәа даара акыр рыҵаркуан, ашәарҭарагьы рыцын. Избанзар, ажәлар зегьы еизганы, рацәажәара ус имариаӡамызт, џьара кәицк аауцәхәыҵҟьар, агәыргәырҳәа амца ду еибанаркыр ҟалон! Ари ахҭыс ду ҟалеит 1989 шықәса март мза 18 рзы. Уаҟа зҵаара дус иқәгылан Аԥсны астатус аԥсахразы "Лыхнытәи ааԥхьара" аҟаҵареи Аԥснытәи АССР Аҳәынҭқарра асуверинитет рылаҳәареи. Лыхны ашҭаҿы еизеит 35 нызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иқәынхоз амилаҭқәа (аԥсуаа, аурысқәа, аерманцәа, аурымцәа) уҳәа ирацәаҩӡаны. Уи рнапқәа аҵарҩит зынӡак еиуеиԥшӡамыз ауаа, апартиатәи асоветтәи, Аԥсны еиуеиԥшым административтә усҳәарҭақәа зегьы рҿы аус зуаз, еиуеиԥшым ақалақьқәеи, араионқәеи, ақыҭақәеи рҟынтәи. Рнапы аҵарҩит, Аԥснытәи аобком Актәи Амаӡаныҟәгаҩ – Борис Виқтор-иԥа Адлеиба, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Апрезидиум ахантәаҩы- Кобахиа Валериан Осман-иԥа, Аԥсны аминистрцәа рсовет ахьӡала - Цыгәба Виачеслав Михаил-иԥа. Аизара дуӡӡаҿы ажәлар ирыларҳәеит ареспублика астатус аиҭахәаԥшра шаҭаху. Убри инақәыршәаны, "Лыхнытәи ааԥхьараҿы" ирыдыркылеит ҿыц еиҭашьақәыргылазарц СССР Аԥсны, анкьа 1921- 1931 шықәсақәа раан ишыҟаз еиԥш. Абри аҩыза ашәҟәы еицрыдыркылеит "Лыхнытәи ааԥхьараҿы" иара убраҵәҟьа еизаз зегьы уи рнапы аҵарҩит!

Схы срыҽхәоушәа иҟамлааит аха, ашәҟәы анапаҵаҩреи ажәлар реизгареи зыбзоураз агәыԥ рыгәҭа сгылан саргьы! Убри ашәҟәы аиԥшҵәҟьа, аџьабаа ду адаҳбалеит 130-ҩык рнапы зҵаҩыз "Аԥсуаа рышәҟәгьы". Уи аҭоурых даара идууп, уи иазкны акьыԥхь аҿ сықәгылахьеит азы, уажә араҟа аамҭа шәцәызгар сҭахым.

- Уажәшьҭа ҳаиасып Москватәи уԥсҭазаара ахәҭахьы, усҟан адиаспора даара шәымч ӷәӷәан, Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы уа шәшыҟазгьы "шәрылагылан", уахь инеиуаз адокументқәа зегьы "шәлыхәҭа" иҵшәыжьуан, зыҟны инагатәыз, "ирҿыхатәыз" амчрақәа зегьы рышәқәа ҵшәырхаахьан аԥсуаа ҳазцаарақәа ирыдҳәаланы.
- 1980-1985 шш. рзы салырхит Москва инхо аԥсуаа реидгыла ахантәаҩыс. Араҟа сара снапы ианын Москватәи аԥсуаа аӡәы даанмыжькәа шықәсыкахь знык аиқәшәара дуқәа реиҿкаарақәа. Насгьы, урҭ аиқәшәарақәа еиҿаҳкаанӡа, аратәи аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа, рҭагылазаашьақәа зеиԥшраз еилкаалатәын, ацхыраара зҭатәыз ирыцхраатәын, аинститутқәа, ауниверситетқәа ирҭалоз аҿар ирывагылатәын, анхарҭақәа қьырала ирҩназ иҳалшоз рыгҳажьӡомызт… Иахьысҳәо рацәак иԥшӡамзаргьы, 1982-1983 шш ирылагӡаны, Москва, Ашҭа Ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуаз Аизара Дуқәа рҿы ааԥхьарақәа сыман. Усҟан уахь ус аламала ааԥхьарақәа ршаӡомызт. Москватәи сусуреи сҵарақәеи зегь рыла иманшәалан, уахь акгьы саргәамҵӡомызт, акызаҵәык есымша исыцрыхоз ҳаԥсуа жәлар рыпроблемақәа ракәын, иуҳәар ауеит, уатәи сыԥсҭазаара абжеиҳара зегьы сыжәлар рымаҵ аура иасҭеит ҳәа. Ирацәаӡоуп сҩызцәа апатриотцәа ҿарацәа Геннади Аламиеи Рауф Ебжьноуи уҳәа сыцырхырааны ҳаԥсуара иахәашаз аусқәа рынаӷӡараҿы аџьабаа иаабаз, уи нас мышкызны хаз шәҟәны сгәалашәарақәа сызҩыр, убра шәрыԥхьартә алшара шәоуеит!
Акызаҵәык, иалкаан иазгәасҭарц сҭахуп сара Аԥсныҟа саара даара дшахаӡгылаз Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Уи Москватәи сусурақәа бзианы идыруан, акырынтәгьы дсызҿлымҳахахьан, убри азы Пицундатәи аԥсшьарҭа ҩны "Литфонд" иахагылаз ақырҭуа -Багатуриа Гугәышьа Тарас-иԥа иҭыԥ иамхра азҵаара анықәгыла, (уи даара амилаҭ еилызхуаз аӡә иакәын, ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа мызла абри аԥсшьарҭаҩнаҿы зинда аҭыԥқәа рзыҟаиҵон), уахь хымԥада анеира даԥсоуп ҳәа сара скандидатура дадгылеит. Сара уи еиҳагьы аҭакԥхықәра снаҭон… Насгьы, скандидатура еицҿакны иадгылеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, уаҟа еиҿкааз "Алитфонд" ахадара. Ари ҟалеит аԥсуа-қырҭуатә еибашьра мчыбжьык шагыз, директорс санышьақәдрыӷәӷәа, уи нахыс мчыбжьык ала Аԥсны аибашьра ҵысит!
© Foto / Иааишьҭит Анатоли ЛагәлааДавльеҭ Константин-иԥа Ԥлиа
Давлет Пилиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2023
Давльеҭ Константин-иԥа Ԥлиа
- 1992 шықәсазы Аԥсны иалагеит аибашьра ӷәӷәаҵәҟьа. Иԥсыда-инхада анырҳәоз аамҭазы зхы иамеигӡоз аԥсуаа ҳҵеицәа унеины рыгәҭаҵәҟьа угылеит. Усҟан уара аԥсшьарҭа ҩны "Литфонд" уеиҳабын. Сара ибзиан исгәалашәоит уи ахыбраҿы еибашьраҳәа нхыҵынтәи иаауаз ҳашьцәа рҽеидкылараз раԥхьа ари аханахь ишааиуаз, иара убасгьы ахҵәаҩцәа рацәаҩӡаны ишҩназ, фатәыла-жәтәыла ишеиқәшәыршәоз,хыҵакырҭа змамыз ахәыҷқәа амла ишашәмыркуаз.
- Аԥсны аибашьра ианалага, саргьы сҩызцәа аԥсуаа зегьы реиԥш лакҩакрада абџьар шьҭысхит. Ахы инаркны аҵыхәанӡа аибашьра салагылан, салахәын Гагра ахақәиҭтәра, ӷәӷәала суаҭәа рхәит Шрома ақыҭаҿ имҩаԥаагоз аконтакттә еибашьраҿы, аха зегь акоуп ҳара ҳзыԥсахшаз агәыԥ уахь ихалаанӡа, хәымш ахәшәтәырҭахь смааӡеит, ашьагьы рацәаны исыцәцеит. Уи нахысгьы, мызкы ахәшәтәырҭаҿы сҽанысхәшәтә ашьҭахь,сара аибашьрахь сеиҭамцеит ҳәа аӡәгьы ҽыԥныҳәа шсимҭозгьы, еиуеиԥшымыз ажәыларақәа срылахәын…
Арахь, сара еиҳабыс сызмаз аԥсшьарҭа-ҩны "Литфондгьы" ахылаԥшра агсыжьӡомызт, избанзар уаҟа иҩнан нхыҵынтәи иааз аибашьцәа 120-ҩык инареиҳаны, урҭ апозициахь ианцоз ианаауаз акрырҿаҵатәын, акырдыржәтәын, аӡыршы рыгхар ҟалаӡомызт. Иара убасгьы араҟа иҩнан ахҵәаҩцәа рацәаҩны, ахәыҷқәа, аҳәса, аҭакәажәцәа, урҭ зегьы ацхыраара рҭахын, афатә-ажәтә иахьынӡаҳалшоз ирыгҳажьӡомызт…
- Давлеҭ, сара акырынтә Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәеи, Мушьни Миқаиеи, Алықьса Џьениеи, Алықьса Аргәыни ирҳәо саҳахьан, Гәдоуҭеи, Пицундеи, Аҟәантәи ихҵәаны иааз ҳашәҟәыҩҩцәа амла иамкырц азы абра Пицунда адгьыл шырзуԥшааз, аџьықәреи ларҵарц, рҭаацәа амла иадмыркырц. Ус иагьыҟарҵеит дара, ашьҭахь лафны ирҳәон шаҟа-шаҟа калаҭ ҭаргалаз инахыкны уаргьы ухәҭа шурҭаз, аӡыннтәарак ишӷыҵнагаз! Уимоу, ҳакритик Руслан Қапба акырынтә игәалаиршәахьеит, иҭаацәеи иареи Лыхны иабхәараа рҿы иахьыҟаз, ҩ-калаҭк аԥш ҿырпны ишырзынаушьҭыз! Аибашьра аан, уи даара ицхыраара дуун!
-Ааи, уи иашоуп, ҳара зықәрахь инеихьаз ҳашәҟәыҩҩцәа рҭаацәеи дареи амла иаҳаркуамызт, аха дара мчыла ирымуҵәҟьеит, ҳара ҳамаха-ҳашьаха еибгоуп, уара адгьыл ҳзуԥшаар, иаҳзуцәаӷәар, ҩынтәгьы иагьаҳрашәоит, иагьҭаҳгалоит рҳәеит. Ус иагьыҟаҳҵеит, изқәаарыхшаз адгьыл рзаҳаԥшааит, нас дара акагмыжькәа зегьы ҟарҵеит!
- Уара аибашьра шыра ушалагылазгьы, хҭацәыхак ануоулак, аибашьра ҟалаанӡа узхагылаз аԥсшьарҭа ҩны ду "Литфонд" уаадгылон, иҟаз-ианыз, иҩназ ирыгыз ирыбзаз гәауҭон, уа аус зуаз иҟарҵашаз рнапы иануҵон. Сара шьоукы рҟынтәи исаҳаит араҟа уара ишеиқәурхаз абиблиотека дуӡӡа, хәы змаӡам ашәҟәқәа, урҭ дәылганы изгар зҭахыз иахьыргашаз анцәа итәуп. Ари аԥсшьарҭа ҩнаҿы Асовет Еидгыла еилаҳаанӡа ареспубликақәа зегьы рҟынтәи ԥсшьараҳәа ҩымз-ҩымз, хымз-хымз иаауан ашәҟәыҩҩцәа дуӡӡақәа, араҟа иаԥырҵеит иреиӷьӡоу рырҿиамҭақәа. Абри аҩыза ахан хазына еиқәырхатәын, убри аусаҿ уара уџьабаа даара акрыҟоуп…
- Сара исывагылаз аԥсшьарҭа-ҩны "Литфонд" аусзуҩцәеи сареи аибашьра аани аибашьра ашьҭахьи сара директорс сыҟанаҵ, акыр ҳалшеит сҳәар ажәа духом… Избанзар, 13-еихагыла иҟоу ари ахан хьыцәцара даара анапы аҭахын, уи иҩназ амлеи ахьҭеи иаҳмаркит, иҳахьчеит, иахьагьы Аԥсны аҩнуҵҟа акырџьара исықәшәахьеит аибашьра аамҭазы ара изызҳауаз ахәыҷқәа, еихаччо иааины аԥсшәа сарҳәоит, сгәыдыркылоит, уи сара сзы зегьы иреиҳау насыԥуп!
Иуҳәаз иашоуп, араҟа ашәҟәқәагьы даара ирацәан, избанзар, арахь аибашьра ҟалаанӡа ԥсшьараҳәа имаауаз ҳәа ашәҟәыҩҩцәа аӡәгьы дыҟаӡамызт, урҭ иреиӷьӡоу адунеитә литература иаԥхьаларц хәыда-ԥсада ирзааргон. Абиблиотека ахьыҟаз аҵыхәтәантәи аихагылаҿ акәын азы, аԥсшьарҭа-ҩны ахыб ақәа акылсра ианалага, ашәҟәқәа бжьымсырц азы, идәылгатәын, еиқәырхатәын… Аибашьра ашьҭахьгьы, урҭ ашәҟәқәа маҷымқәа Борис Ҷолариа дызхагылоу И. Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотека иаҳҭеит, ҳажәлар рнапаҿы иҟоуп.
© Foto / Иааишьҭит Анатоли ЛагәлааДавлеҭ Константин-иԥа Ԥлиа
Давлет Пилиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2023
Давлеҭ Константин-иԥа Ԥлиа
- Давлеҭ, уара аибашьра ашыраҵәҟьа уалагылан "Пицундатәи абаталион" урыцны. Хыхь ҳалацәажәеит уара акантакттә жәыларақәа акыр ушрылахәыз, уагьшырхәыз… Урҭ ахҭысқәа уара шамаха еиҭоуҳәаӡом, џьара иануҵангьы исымбацт. Аха уаҵәы игыло аҿар, убри зегьы рдыруазароуп, избанзар, шәара аибашьцәа шьала икәабаны ақырҭуа импыҵышәхыз ҳаԥсадгьыл ахааназ аԥсуа ишитәу еиқәхарцаз, иацтәигьы, иахьатәигьы, уаҵәы иаҳзыԥшугьы инаԥшны ԥыҭк рбозар ауп…
- Еибашьыз зегьы, еиқәхаз, насыԥ ҳамоуп ҳәа ҳхы ҳаԥхьаӡоит Аԥсны аԥсуа ила иҭәны ианыҟало… Сара издыруан ирацәаҩны аибашьҩцәа, ишҭахоз, ишыхнымҳәуаз шырдыруазгьы, ишцоз, ҳашьҭахь иҟоу аҿар ахақәиҭра роуеит, дара ишырҭаху рыԥсадгьыл иаԥшәымахоит ҳәа… Аус злоу убри ауп, иҭахаз рыԥсқәа ҳмырԥхашьароуп, урҭ ирыхшаз амлагь ахьҭагь иаҳмыркыроуп, еиҵагыло ҳҿар рхы шьҭыхны, аӷьараҳәа рыԥсадгьылаҿ инхартә иҟаҳҵароуп!
- Иааигәахоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә Еибашьра аиааира 30 шықәса ахыҵра! Шәара аибашьцәа абриаҟара аџьабаа ду зхызгаз, ашьаарҵәыра иалагылаз, шәыззықәԥоз аиааира шәыла иабеит, уижьҭеи ҿыц ииз аҿар аҭаацәарақәа ирылалеит, еизҳаит, иҿиеит, аха ҳхыԥхьаӡареи ҳбызшәеи рыпроблема шыҟац иаанхоит. Давльеҭ, уара угәы ишԥаанагои, ишԥоубои даҽа 10-шықәса рышьҭахь Аԥсны, Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи инхо ҳџьынџьуаа рырхынҳәра иадҳәалоу азҵаара дуқәа ҳзыӡбару?
- Иаҳмыӡбар ада ԥсыхәа ҳамаӡам… Ҳара ҳахьмаҷыз азы ауп ақырҭқәа ҳабашьра изалагаз… Ус сҳәеит ҳәа, зегьы абџьар ҳкызҭгьы, аибашьра иҵегь ирласны инҵәагәышьон аха… Уи даҽа зҵаароуп… Ҳара ҳмилаҭ еидкылатәуп, иҳамоу иреиӷьу ҳадгьылқәа зегьы дара рзы иҳамазароуп… Ирацәаҩӡоуп иахьа уажәраанӡагьы хыҵакырҭа змам, қьырала инхо аҭаацәарақәа. Ари рыцҳароуп, гәнаҳароуп, шаҟа ҩни, шаҟа уадеи ааныжьны ицазеи ҳаӷацәа, арахь ҳара ҳажәлар макьанагьы анхарҭа ҭыԥаз ауадаҩрақәа змоу рацәаҩӡоуп… Ари иаанагои?! Иаанаго уи ауп, знапы ианыз ԥсыцқьала рус рзынамыгӡеит… Убарҭ рыгхақәа зегьы хымԥада иахьа ириашатәуп, уи ҳуалԥшьақәа раԥхьа игылоуп…
Ихьчатәуп ҳбызшәа, ҳкультура, уи зхы-зыԥсы ақәҵан иаҿу, сара ибзиаӡан издыруеит аҳәынҭқарра аҟынтәи аибашьра ааилгаз аахыс иахәҭоу ацхыраара шрымам, аха иахьа ҳахьынӡааихьоу ала, урҭ ироуа ауалафахәқәа уанрыхәаԥшлак, даргьы рыцҳаушьоит, ухгьы ԥхоушьоит… Ҳаи абааԥс, ҳдацқәа ҳазмрыӷәӷәо, ахара аԥшра ҳцәыӡма?
- Давлеҭ, гәатабӷата ҳаицәажәараз даара иҭабуп ҳәа уасҳәоит. Уара ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы аиашьа дук еиԥш урыԥхьаӡоит, аратәи аԥсшьарҭа ҩны "Литфонд" уанеиҳабыз агәашә ианынҭала инаркны, ршьап џьара икыдҟьар ҳәа ушәон, ак рыгхар ууӡомызт, уимоу, Ацуныҳәарақәа рахьгьы иугон, урҭ ашәҟәыҩҩцәа аныҳәаҩ иажәа ашьҭахь амин рҳәар, Анцәа ирласны иаҳауеит ҳәа! Урҭ ахаан ирхашҭӡом акрыфарҭаҿы дара рзы мацара ирлас-ырласны аԥсуа чыс шыдурҟаҵоз, "аԥсуа дахьцалакгьы иара ибысҭа ицзар ауп" ҳәа алҩаҵә ахылызз раԥхьа иааган ишықәургылоз, ажьҵааи, аҩиқәаҵәеи рыблақәа ҭыԥхаауа ишрываургылоз! Хәышәҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа ахьтәаз рыкрыфарҭатә зал ду аҿы микрафонла ишрылоуҳәоз уаҟа дара аԥсуа шәҟәыҩҩцәа шрылатәаз, урҭ рҩымҭақәа адунеи ишадыруа… Еиҿукаауан аԥхьаҩцәеи дареи зеиԥш ҭам реиԥыларақәа… Урҭ ԥсышәала иҩыз рышәҟәқәа ирныз шырзеилымкаауазгьы, абри аҩыза атәыла ссир иалиааз ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ргәыҵакны иргон дара ахьынхоз адунеи аҵыхәахь… Ах, шаҟа насыԥ рыцыз урҭ амш ссирқәа…
- Аамҭа цоит, аха иаанхоит агәалашәарақәа, урҭ ауаҩ иԥсы ҭанаҵы, аибашьҩы илахан иҟоу ахеиԥш, ирлас-ырласны рхы угәаладыршәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0