Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Пицундатәи афестиваль, абылтәы ахәԥса ашьҭыҵра, Гал иҟалаз ауаҩшьра

© Sputnik / Томас ТхайцукНота в ноту: I музыкальный международный фестиваль открылся в Пицунде
Нота в ноту: I музыкальный международный фестиваль открылся в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ареспубликаҟны ԥхынгәы 31 инаркны нанҳәа 6 рзынӡа аҭыԥ змаз ахҭысқәа рахь иналукааша рыхҳәаақәа.
Ииасыз амчыбжь азы Гал инхоз Натиа Бахтаӡе дшьуп ҳәа ажәабжь рылаҩит. Уаанӡа, ԥхынгәы 28 рзы лара дыӡит ҳәа адырра ҟаҵан, ареспубликаҿы абылтәы ахәԥса шьҭырхит, Аԥсны иазгәаҭоуп аимҳәаршәаа зыхьуа рхыԥхьаӡара ишацлаз. Арҭи егьырҭ ахҭысқәеи Sputnik Аԥсны аҿы.
Sputnik

Гал иҟалаз ауаҩшьра

Гал араион инхо Натиа Бахтаӡе дшыӡыз азы аинформациа рылаҵәеит ԥхынгәы 28 рзы. Нанҳәа 3 рзы Гал араион апрокуратура Натиа Бахтаӡе лышьразы ашьаус хацнаркит Очамчыра инхо Аинар Ҵәыџьба иганахь ала, ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас икны.
25 шықәса зхыҵуа Ҵәыџьба иҿы иқәшаҳаҭхеит иумҭаз, иҳәеит аӡхыҽҽаратә ГЕС аӡеизакырҭа лыԥсыбаҩ шалаижьыз. Гал араион аҟны Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаара иалахәуп шәҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿы АҶА, ЕгрыГЕС, азинхьчаратә усбарҭақәа русузуҩцәа, Гал араион анхацәа, Аҟәантәи аволонтиорцәа. Иара убасгьы адронқәа, акатерқәа фба. Аԥшаарақәа мҩаԥысуеит.

Аҽыкәабагамаҭәазы ахараԥса

Аԥсны нанҳәа 1 инаркны ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны, аплиажқәа аламҵакәа, ишахәҭам еилаҳәоу ф-нызқь мааҭ ахараԥса дыршәахоит. Ареспублика ақалақьқәа зегьы рыҟны атуристцәа ахараԥса шрыдҵахо атәы зҳәо аинформациатә ҩырақәа кнаҳазароуп.
Туристы загорают на набережной  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2023
Аԥсны
Аԥсны амҩақәа рҟны аҽыкәабага маҭәала ма зҽыхтны иныҟәо иддыршәо ахараԥса 20-нтә ишьҭырхит

Абылтәы ахәԥса шьҭыҵит

Аҽазныкгьы ареспубликаҿы абылтәы ахәқәа шьҭыҵит. 2023 шықәса алагамҭаз абылтәы АИ-92 алитра 43 мааҭ иаԥсан, аха лаҵарамза инаркны маҷ-маҷ ашьҭыҵра иалагеит. Ԥхынгәымзазы 92-тәи абылтәы 55 мааҭ рҟынӡа ихалеит.
Аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит Аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миқвабиа. Иара иажәақәа рыла 2023 шықәса лаҵарамзаахыс аахәаратә хәԥсақәа маҷ-маҷ ихалоит.

"Уаанӡа, ахәԥса маҷла иаархәахьаз абылтәы-ҵәахы иабзоураны абылтәы АИ-92 ахәԥсақәа 50 мааҭ еиҳамызт. Уажәы урҭ ахәԥсақәа литрак азы 51-55 мааҭ ихалеит", - иҳәеит Миқвабиа.

Иара иҳәеит Аԥсны абылтәы ахәԥса ашьҭыҵра зыхҟьо зауадқәак ахьадыркыз шакәу. Уи адагьы ареспубликаҿ абылтәы ахә ашьҭыҵра адҳәалоуп Урыстәылагьы ахәԥсақәа рыԥсахра, анефҭаалыҵқәа рекспортгьы налаҵаны.
Аԥснытәи аимпортиорцәа еиҳа ахәԥсақәа ахьылаҟәу урыстәылатәи аџьармыкьақәа рыԥшаара иашьҭоуп.
Абылтәазы аџьармыкьаҿы иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит Аекономика аминистрраҟны аминистр Кристина Озганԥҳаи абылтәы аџьармыкьа алахәылацәеи. Озган инаҵшьны иазгәалҭеит, абылтәы ахәԥсақәы иаалырҟьаны ашьҭыҵра шаларшатәым, ишҭышәнартәалатәу.
В Минэкономики прошло совещание с участниками топливного рынка - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2023
Аԥсны
Абылтәы аҭагылазаашьа иалацәажәеит Аекономика аминистрраҟны

Атәыла ахада аиԥыларақәа мҩаԥигеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥырҩы-космонавт, Урыстәыла Афырхаҵа Олег Артемев дидикылеит. Атәыла ахада хаҭала Артемев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит жәларбжьаратәи акосмостә станциа аборт ахь Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ахьнеигаз азы.
"Шәара еснагь ҳара ҳзы - шәсас дахьуп. Ишәымоу ааӡара ҳараки, аиҩызара шеилышәкаауеи ирылҵшәаны ҳбираҟ акосмостә орбитахь инажәгеит. Ақәҿиара дуқәа шәымазааит ԥхьаҟагьы шәус анагӡараҿы", - иҳәеит атәыла ахада.
Акосмонавт гәаларшәагатә ҳамҭак аҳасаб ала ианашьан ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер исахьа зну араӡны ԥсар. Артемев иазгәеиҭеит, изныкымкәа ареспублика дшахаԥраахьоу, Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит МКС ахь аԥсуа бираҟ аннарга амҳәыр аарханы иҭыхыз асахьа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Иана Лантратова дылԥылеит ахәаша, нанҳәа 4 рзы. Адепутат илҳәеит лҭаацәеи лареи ареспубликаҿ рыԥсы шыршьо, ишазгәалҭо аԥснытәи аҿар рԥылара.
Атәыла ахада ари аԥшьгамҭа адгылара аиҭеит, иазгәеиҭеит аҿар ииашаны ахырхарҭа рыҭара аҳәынҭқарра шҭышәнартәало.

Атәыла ахада иааԥхьара

Иаҳхысыз амчыбжь азы урыстәылатәи атуристцәа зҭоу алаинер Astoria Grande Баҭымҟа иахьнеиз иаҿагыланы қырҭтәылатәи аоппозициа акциа мҩаԥыргеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аӷба Astoria Grande Аҟәаҟа иааиԥхьеит, атуристцәа адкылара шьахә шрыҭахо азгәеиҭеит.
"Ареспублика атуристтә маҵзурақәа рырҭбаара аинтерес амоуп. Агеографиатә ҭагылазаашьақәа иалдыршоит аԥхынра акруизтә лаинерқәа рыдкылара", - иҳәеит Бжьаниа ТАСС аинтервиу аҭо.

Пицундатәи агәыҳалалратә фестиваль

Пицундатәи ауахәама аорӷантә зал аҟны ԥхынгәы 31 инаркны нанҳәа 4-нӡа имҩаԥысуан Пицундатәи актәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль. Уи иалахәын Аԥсны, Урыстәыла, Канада, Ҭырқәтәыла, Ермантәыла, Еиду аштатқәа рҟынтәи амузыкантцәа.
Афестиваль аиҿкааҩцәас иҟоуп 2014 шықәса инаркы акоронавирус апандемиа алагаанӡа Аԥсны ӷәӷәала ичмазҩу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы агәыҳалалратә аклассикатә музыкатә концертқәа мҩаԥызгоз "Асоциал-культуратә аԥшьгара агәыҳалалратә фонд".
Нота в ноту: I музыкальный международный фестиваль открылся в Пицунде  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2023
Аԥсны
Агәыҳалалратә классика: Пицунда жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль мҩаԥысит
Аԥарақәа азынашьҭуп афонд "Ашана", афонд хылаԥшра знаҭо Аслана Џьынџьалԥҳа лыхәшәтәразы.
Пицундатәи актәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала. Афестиваль асахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Барас Кәыҿба. Аинформациатә цхыраара ҟанаҵоит Sputnik Аԥсны.

Афырхацәа рымҩала

Аԥсуа ар имҩаԥыргаз ииультәи аоперациа аҳаҭыраз ихацыркуп аибашьра-ҭоурыхтә експедициа "Афырхацәа рымҩала".
Аибашьра аветеранцәа, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, аҿар - Ешыра, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәылбыҽха ииультәи аоперациа аан иҭахаз ргәаларшәаразы ампышҭақәа ажәҩан ахь иоурышьҭит.

Акәашара зегьы рзы

Апроект "Иҳәаадоу аҟазара" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа аԥшаҳәаҟны имҩаԥысит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы акциа "Акәашарақәа зегьы рзы".

Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа ишылҳәаз ала, акциа хықәкыс иаман зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ауаажәларраҿы имҩаԥысуа асоциалтәи акультуратәи процессқәа рылархәра.

Акциа иалахәхар рылшон изҭахыз дарбанзаалак, иқәра, игәабзиаратә ҭагылазаашьа, акәашара идыруоу изымдыруоу ирыхьмырԥшыкәа. Ари ахәыҷқәа рзы ихымԥадатәиуп рҩызцәа ирылаҵәарцаз.
Танцы в рамках проекта “Искусство без границ”  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2023
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы акциа "Акәашарақәа зегьы рзы"

Инелегалу агидцәа

2023 шықәса иалагазар Аԥсны иаарԥшуп ҩеижәи фҩык маӡала аус зуаз агидцәа ҳәа рҳәеит Атуризм аминистрраҿы. Аусбарҭа адыррала дара зегьы Урыстәыла иатәылауаауп.
Атуризм аминистрра аусзуҩцәа, Аԥсны АҩАРи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа Рассоциациеи алархәны аамҭа-аамҭала агәаҭарақәа мҩаԥыргоит маӡалатәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рышьақәыргыларазы.
Аԥсны зынӡа ашәҟәы иҭагалоуп 500-ҩык аекскурсиамҩаԥгаҩцәа. Дара аминистрраҿы аҽазыҟаҵарақәеи аттестациеи ирхысуеит.
Аԥсны аҭоурых еицазкуа маӡалатәи агидцәа раарԥшразы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит 2021 шықәса раахыс.
Ажәабжьқәа зегьы
0