Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сынтәа ирыԥшыз ацха шә-тоннак еиҳам

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПасека в Красноярском крае
Пасека в Красноярском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2023
Анапаҵаҩра
"Аԥсныцха" адиректор иажәақәа рыла, уаанӡа Аԥсны 500 тонна рҟынӡа ацха рыԥшуан.
АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik. Сынтәа ирыԥшыз ацха шә-тоннак еиҳам, ари ҳаззыԥшыз аҟынтәи 30-40% роуп иҟоу, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныцха" адиректор Даур Туӷәышь.
Иара иҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ацха аиура еиҳа-еиҳа ишеиҵахо. "Аԥсныцха" адиректор иажәақәа рыла, уаанӡа Аԥсны 500 тонна рҟынӡа ацха рыԥшуан.
Туӷәышь ишиҳәо ала уи зыхҟьо ашьхақәа апаҿақәа ирхырҟьаны рыԥсра ауп.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ацха зауад азҵаареи ақыҭанхамҩатә проектқәеи ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьапуа ацха зауад азҵаареи ақыҭанхамҩатә проектқәеи ирызкны
Иара убасгьы ацха хыԥхьаӡара рацәала аԥшра иаԥырхагахеит аӡысаамҭа лаҵарамзеи рашәарамзеи рзы.
Туӷәышь ишиҳәаз ала 2022-2023 шықәсқәа рзы иԥшыз ацха аҩнуҵҟатә џьармыкьаҿ ахархәара арҭоит, аекспорт атәы зынӡа узалацәажәом.

Аҭагылазаашьа иахҟьаны ацха ахә шьҭыҵит. Уаанӡа кьылак 180 мааҭ иаԥсазар, уажәы –500 мааҭ иаԥсоуп.

"Аԥсныцха" адиректор иажәақәа рыла, апроблемақәа шмаҷымгьы ашьхымзақәа еиқәырхалатәуп, ашьхақәагьы хәышәтәлатәуп.
Туӷәышь иҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистрра ишаанахәаз ахроматограф (ацха аилазаара ҭызҵаауа) аԥснытәи аалыҵ аекспорт ахь ашьҭра алыршахарц, жәларбжьаратәи апараметрқәа ирықәшәаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0