Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Маркәыла ақыҭан Аԥсни Урыстәылеи рархеологцәа ажрақәа ирыцҵоуп

© Foto / Галина ТребелеваАрхеологические раскопки в Маркулском городище
Археологические раскопки в Маркулском городище - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-аурыс археологиатә експедициақәа мҩаԥысуеит Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан 2013 шықәса раахыс.
АҞӘА, нанҳәа 12- Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аԥсни Урыстәылеи рархеологцәа Маркәыла ақыҭан имҩаԥырго ажрақәа ирыцҵоуп. Абри атәы Sputnik Аԥсны акорреспондент илзеиҭалҳәеит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Археологиа аинститут аклассикатә археологиа аҟәша аусзуҩ, аҭоурых ҭҵаарадыррақәа ркандидат Галина Требелева.
"Сынтәатәи ажрақәа ԥхынгәы 28 рзы ҳалагеит. Акыр аҭыԥқәа рыҟны аус аауеит. Арҭ ҵыԥх имҩаԥаагоз ажрақәа ирыцаҳҵеит. Сынтәа иаҳа гәацԥыҳәарыла рхы аладырхәит ҵыԥх раԥхьаӡа акәны ажрақәа ирылахәыз аԥснытәи ашколхәыҷқәа. Уажәы ҳара ҳаҟны аус руеит Аԥснынтәи 25-ҩык ашколхәыҷқәеи студентки. Москвантәи - студентки хҩык ашколхәыҷқәеи. Иара убас ԥшьҩык аҟазацәеи", - ҳәа лҳәеит Требелева.
Аҵарауаа ажрақәа ирыцырҵеит аныхабаа аҵакыраҿы. Араҟа дара ҩаԥхьа ирԥыхьашәеит аԥсыжырҭа ҭыԥқәа. Аԥсыбаҩқәа антропологцәа иҭырҵаауеит арҭ ауаа рхылҵшьҭра, ирыԥсҭазаашьаз.
Аҵарауаа ажрақәа ирыцырҵеит аҳаԥшьа аҭыԥқәа рыҟны. Археологцәа наӡеит аҵанӡатәи аҿыгҳара, аеллинистикатә аамҭа аҟынӡа. Ажрақәа ахьымҩаԥырго ирԥылоит ажьирауац рацәаны. Требелева иазгәалҭоит ари амцакра ашьаҭақәа ракәзаргьы ҟалоит ҳәа.
© Foto / Галина Требелева

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа - Sputnik Аҧсны
1/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

© Foto / Галина Требелева

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа - Sputnik Аҧсны
2/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

© Foto / Галина Требелева

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа - Sputnik Аҧсны
3/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

© Foto / Галина Требелева

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа - Sputnik Аҧсны
4/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

© Foto / Галина Требелева

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа - Sputnik Аҧсны
5/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

© Foto / Галина Требелева

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа - Sputnik Аҧсны
6/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

© Foto / Галина Требелева

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа - Sputnik Аҧсны
7/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

1/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

2/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

3/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

4/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

5/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

6/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

7/7

Маркәыла имҩаԥысуа археологиатә жрақәа

Аҩбатәи аҳаԥшьа ҭыԥаҿ ирыԥшааит ихьшәоу аамҭазтәи аҳаԥшьалых ачысмаҭәа ҵабалтәи аамҭа иатәу (III-VII ашәышықәсқәа рызбжазтәи).
Ахԥатәи ажрақәа ахьымҩаԥырго "Амҩа" захьӡу аҟны ҵыԥхгьы игәарҭахьан ахаҳә еиқәҵара ахәҭак. Хықәкыс ирыман ари аргылара аилкаара. Требелева лажәақәа рыла, еилкаахеит ари еилаҳаз ахыхьчаратә ҭӡы аԥҽыхақәа шракәу.
Сынтәагьы ирԥыхьашәеит ихьшәоу антикатәи аамҭа иаҵанакуа аҳаԥшьалых ачысмаҭәақәа. Ажрақәа мҩаԥысуеит нанҳәамза анҵәамҭанӡа. Анаҩс аҵарауаа акаералтә усурақәа ирылагоит.
Џьопуа Аԥсны археологиатә жрақәа ироуа адгыларазы: ушьапы неиҵыхны уск дук узрылауам - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2023
Арадио
Џьопуа Аԥсны археологиатә жрақәа ироуа адгыларазы: ушьапы неиҵыхны ус дук узрылауам
Ажәабжьқәа зегьы
0