Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахатәгәаԥхаҩцәа ргәаларшәаразы: Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы афотоцәыргақәҵа аатит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Открылась фотовыставка в память павших добровольцев в Отечественной войне народа Абхазии
Открылась фотовыставка в память павших добровольцев в Отечественной войне народа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2023
Анапаҵаҩра
Аекспозициаҿы ицәыргоуп ҩышә фотоҭыхымҭа инареиҳаны, урҭ рыбжьара иҟоуп аибашьраани уи ашьҭахьи иҭахаз аҳәса-аибашьцәеи, иара убас Аԥсны ахьчаразы иааины иҳавагылаз ахатәгәаԥхаҩцәеи рфотосахьақәа.
АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа ргәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа аатит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны Аҟәа.
Аекспозициаҟны ицәыргоуп аинрал Сулҭан Сосналиев ифотосахьақәеи, аибашьраани уи ашьҭахьи иҭахаз аҳәса-аибашьцәеи, иара убас Аԥсны ахьчаразы иааины иҳавагылаз ахатәгәаԥхаҩцәеи рфотосахьақәа. Аҭааҩцәа ирбар рылшоит афотоҭыхымҭақәа роригиналқәа реиԥш, афоие аҿы амониторқәа рекранқәа рҟны иддырбо урҭ урҭ рыхкьыԥхьаақәагьы.
© Sputnik / Бадрак Авидзба

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа ргәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа ргәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
1/2

2/2

Ацәыргақәҵазы аматериалқәа рырҭеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Аибашьра иалахәыз аҳәса рассоциациа, афотоҭыхыҩ Владимир Попов.
Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭазы Аԥсны зхы ақәызҵаз ҳтәылауаа ирызу афотоцәыргақәҵа аус адулара ишаҿу.

"Арҭ ашықәсқәа зегьы ҳара еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҿы аӡәы изку аивгарақәа змоу аинформациа аус адааулон. Ма даниз ашықәс еилагоуп, ма ихьӡ, ма иабхьӡы, иҟоуп ажәлақәа еиуеиԥшымкәа иахьану, авариантқәа ахьрымоу. Ҳара урҭ еиҿҳарԥшуеит, иаҳа ииашоу арбану еилаҳкаауеит, нас аиаша ҳазааины ауаа ирбартә-ираҳартә иҟаҳҵоит", - ҳәа инаҵылшьит амузеи аиҳабы.

Беиа иара убас еиҭалҳәеит аҭаацәа аӡәырҩы ргәы ишалоу зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыҷкәынцәа Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны рфотосахьақәа рцәыргақәҵа ахьыҟам.
"Сара сзы уи хьаа дууп 30 шықәса ирылагӡаны убри аҟаҵара ахьҳалымшаз. Егьырҭ араионқәа рҿы еиҳа имариоуп, аха ҳара иҳамаӡам ус идуу ацәыргақәҵа ахьыҟаҳҵаша аҭыԥ - аибашьраан мацара иҭахаз 1700-ҩык, иара уи ашьҭахь зыԥсадгьыл зхы ақәызҵазгьы рацәоуп", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа ргәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа аартызаауеит нанҳәа 31 рҟынӡа.
Возложение цветов к памятнику в Парке славы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2023
Аԥсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0