Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵатәи апарк аиҳабыра: Ҩыԥсаратәи аҩхааҿ имҩаԥысыз аҿагыларатә акциа еиҭаҟалар алшоит

© SputnikРицинский реликтовый национальный парк
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2023
Анапаҵаҩра
Ҩыԥсаратәи аҩхааҿ аус зуа анаплакҩцәа ашьыжь нанҳәа 17 рзы амҩа адаркит, дҵангьы иқәдыргылеит атуризм аминистр ахаҳә алеира иахҟьаны ари аҭыԥаҿ амашьынақәа раанҿасраз идҵа иԥсахырц.
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik, Бадри Есиава. Ҩыԥсаратәи аҩхааҿ имҩаԥысыз аҿагыларатә акциа еиҭаҟалар алшоит, ауааԥсыра уажәыгь агәҭынчымзаара рымоуп ари аҭыԥ аҟны аанҿасра ахьааныркылаз азы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭ парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Иара иажәақәа рыла, Ҩыԥсаратәи аҩхааҿ амашьынақәа рныҟәара шьақәыргылан акциа ианалага сааҭк ашьҭахь.

"Ашьыжь асааҭ 8:00 рзеиԥш 20-25 минуҭ амҩа аркын. Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь амҩа аартхеит, аха ари азҵаара ӡбаӡамкәан иаанхоит", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.

Асасцәа ршәарҭадаразы Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы атуристцәа амашьынақәа ааныргыланы рҭыҵра шыҟамло, ари аҭыԥ аҿы ахаҳә лассы-лассы икыдҩырны иахьлеиуа азы.
Страны мира. Республика Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2023
Аԥсны
Атуризм аминистрра: Ҩыԥсаратәи аҩхааҿ ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргылатәым
Нанҳәа 17 рзы аҩхааҿ аус зуа 30-ҩык рҟынӡа амҩаду адыркит. Дара дырԥылеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба. Иара иҳәеит аусԥҟа шимԥсахуа.
Иазгәеиҭеит, амҩа ахьынӡаркыз амашьынақәа шеизаз. Ишыҟаз аԥсшьаҩцәа рыбжьара агәынамӡарагьы. Амҩа аркра апарк ишанырыз атәы еилкаахоит амш анцәамҭазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0