00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ферзба еиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион аҿы арҵаҩцәа разымхара азҵаара шырыӡбо атәы

Ферзба еиҭеиҳәеит, Тҟәарчал араион аҿы арҵаҩцәа разымхаразы азҵаара шырыӡбоу атәы
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Даур Ферзба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион иаҵанакуа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазыҟаҵоу атәы, насгьы арҵаҩцәа разымхара азҵаара шырыӡбо.
Тҟәарчал араион аҿы иҟоуп 17 школ, ахәыҷбаҳчақәа хԥа, аспорт школк ҳәа адырра ҟаиҵеит Ферзба. Иара иажәақәа рыла, аԥхын классқәак рҿы арҽеиратә усурақәа мҩаԥган аҭаацәа рымчала, аха иҟаҵатәу маҷым.
"Агәыбедиа ашкол ҳаԥхьаҟа 100 шықәса ахыҵуеит. Иара аҭоурых ду амоуп. Ашкол аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы атәыла анапхгараҟынтә 3 миллион мааҭ азоужьуп, еиҭа ақыҭа иалҵыз Џьумбер Ҭҟьебучаа х-миллион мааҭк аиҭеит, ашықәс ҿыцынӡа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит", - иҳәеит Ферзба.
Араион аҿы иааидкыланы 350-ҩык арҵаҩцәа ыҟоуп, ақалақьтә школқәа акадрқәа рыла еиқәшәазар, араионтә школқәа рҿы ауадаҩрақәа ыҟоуп.
"Аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа ашколқәа рахь аусуразы ахынҳәра иалагеит, уи ала апроблема ҳаӡбап ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ферзба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0