Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкны Аҳәынҭфилармониаҿ аконцерт мҩаԥысит

© Foto / Медиацентр МИД АбхазииВ Государственной филармонии состоялся концерт, приуроченный к 15-летию со Дня признания Российской Федерацией Государственного суверенитета Республики Абхазия
В Государственной филармонии состоялся концерт, приуроченный к 15-летию со Дня признания Российской Федерацией Государственного суверенитета Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2023
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 26 2023 шықәсазы иазгәаҭахоит Аԥсны Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра.
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы аконцерт мҩаԥысит, нанҳәа 23 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Еизаз асцена аҟынтәи дрыдныҳәалеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа ацҳаражәҳәаҩ-иабжьгаҩ Максим Литвинов.
"Ҳаҭыр зқәу сҩызцәа, гәык-ԥсык ала Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит!", - иҳәеит аԥсышәала.
Анаҩс, урыс бызшәала иацҵо Литвинов иҳәеит Урыстәыла Аԥсны азхаҵара аҭо жәларбжьаратәи аренаҿ изықәгәыӷуа аҩыза бзиа шаиуз.
Нанҳәа 8 2008 шықәсазы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы. Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ареспублика ар аланагалеит. Хәымш рышьҭахь нанҳәа 12 рзы, ақырҭуа ар атәыла иалцан.
Анаҩс нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев аӡбамҭа идикылеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азхаҵаразы. Ари амш Аԥсны аҳәынҭқарратә ныҳәамшны иазгәарҭуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0