https://sputnik-abkhazia.info/20230824/shyk-covid-19-rymany-gdouati-agospital-ay-ishoup-1047644844.html
Ԥшьҩык COVID-19 рыманы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭоуп
Ԥшьҩык COVID-19 рыманы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Ԥшьҩык атәылауаа акоронавирустә инфекциа COVID-19 рыманы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭоуп, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит... 24.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-24T10:41+0300
2023-08-24T10:41+0300
2023-08-24T10:41+0300
аԥсны
аԥсны
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/10/1047524269_0:103:3274:1945_1920x0_80_0_0_8cdc0e3303c945bfac49bcf178e90625.jpg
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Ԥшьҩык атәылауаа акоронавирустә инфекциа COVID-19 рыманы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭоуп, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аинфекциатә ҟәша аиҳабы Милана Бениаԥҳа. Бениаԥҳа лажәақәа рыла, ииасыз аамҭақәа ирҿырԥшны акоронавирустә ҿкы акыр иԥсыҽны имҩасуеит. Аиҳарак ари авирус рыдырбалоит зықәра ыҟоу ауаа. Бениаԥҳа дажәақәа рыла, ахәышәтәра аметодикақәа CОVID-19 хьанҭаны ахы анымҩаԥнагоз еиԥшымкәа еиҿкаауп. Апациент еиҭашьақәыргылара аиҳарак изыдҳәало игәабзиаратә ҭагылазаашьа ауп, аамҭала хымчыбжь рҟынӡа уадхалоит. "Атәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи иаҳзаауеит апациентцәа. Арахь дааргеит Аҟәатәи ахәшәтәырҭа акардиологиа аҟәша апациент. Иара акоронавирус имоуп, аха ичымазара хьанҭаӡам. Иара убасгьы ара лҽылхәышәтәуан Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ. Лара абжьгарақәа лыҭаны ахәшәтәырҭа дылҩаауп", - лҳәеит Бениаԥҳа. Гәдоуҭатәи агоспиталь аинфекциатә ҟәша аиҳабы Милана Бениаԥҳа илҳәеит амедусҳәарҭахь ишнеиуа акоронавирус змоу ауааԥсыра, аха ишьҭарҵо ачымазара аформа хьанҭа здырбало роуп ҳәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/10/1047524269_272:0:3003:2048_1920x0_80_0_0_5d7c1a9830979bfccb590b7f84c66332.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ажәабжьқәа
аԥсны, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ажәабжьқәа
Ԥшьҩык COVID-19 рыманы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭоуп
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Ԥшьҩык атәылауаа акоронавирустә инфекциа COVID-19 рыманы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭоуп, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аинфекциатә ҟәша аиҳабы Милана Бениаԥҳа.
"Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аха ус шакәугьы аҿкы ззышьақәырӷәӷәоу апациентцәа ҳамоуп. Иахьазы аҟәшаҿы ԥшьҩык рҽырхәшәтәуеит. Дара акоронавирус еиԥш ашьақарчымазара, агәыхь, арыԥҳачымазара рымоуп. Асеиԥш иҟоу рчымазара маҷк ахьанҭара аҵоуп", - лҳәеит лара.
Бениаԥҳа лажәақәа рыла, ииасыз аамҭақәа ирҿырԥшны акоронавирустә ҿкы акыр иԥсыҽны имҩасуеит. Аиҳарак ари авирус рыдырбалоит зықәра ыҟоу ауаа.
Бениаԥҳа дажәақәа рыла, ахәышәтәра аметодикақәа CОVID-19 хьанҭаны ахы анымҩаԥнагоз еиԥшымкәа еиҿкаауп. Апациент еиҭашьақәыргылара аиҳарак изыдҳәало игәабзиаратә ҭагылазаашьа ауп, аамҭала хымчыбжь рҟынӡа уадхалоит.
"Атәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи иаҳзаауеит апациентцәа. Арахь дааргеит Аҟәатәи ахәшәтәырҭа акардиологиа аҟәша апациент. Иара акоронавирус имоуп, аха ичымазара хьанҭаӡам. Иара убасгьы ара лҽылхәышәтәуан Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ. Лара абжьгарақәа лыҭаны ахәшәтәырҭа дылҩаауп", - лҳәеит Бениаԥҳа.
Гәдоуҭатәи агоспиталь аинфекциатә ҟәша аиҳабы Милана Бениаԥҳа илҳәеит амедусҳәарҭахь ишнеиуа акоронавирус змоу ауааԥсыра, аха ишьҭарҵо ачымазара аформа хьанҭа здырбало роуп ҳәа.