Урыстәыла

Твертәи аобласт аҿы икаҳаз аҳаирплан иҭаз рсиа ркьыԥхьит

© Foto / © Следственный Комитет РоссииРабота специальных служб на месте падения самолета в Тверской области
Работа специальных служб на месте падения самолета в Тверской области
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2023
Анапаҵаҩра
Аҳаирплан Embraer Legacy каҳаит нанҳәа 23 азы Твертәи аобласт аиланхарҭа Куженкино аҿы.
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Урыстәыла авиациа иакьыԥхьит Твертәи аобласт аҿы икаҳаз аҳаирплан Embraer Legacy иҭаз рсиа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп агәыԥ "Вагнер" анапхгаҩы Евгени Пригожин.
"Авиоеилахәыра адыррала аҳаирплан Embraer-135 (EBM-135BJ) иҭан апассаџьырцәа: Propustin Sergey, Makaryan Evgeniy, Totmin Aleksandr, Chekalov Valeriy, Utkin Dmitriy, Matuseev Nikolay, Prigozhin Evgeniy. Аекипаж: Levshin Aleksei, акомандир, Karimov Rustam, аҩбатәи апилот, Raspopova Kristina, амҩаԥгаҩ", — аҳәоит адырраҭара.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит аҳаирплан аԥырразы ишьақәыргылоу аԥҟарала азин шаҭаз.
Аҳаирплан Embraer Legacy каҳаит нанҳәа 23 азы Твертәи аобласт аиланхарҭа Куженкино аҿы. Хҩык аекипаж алахәылацәа налаҵаны жәаҩык ауаа ҭан. Дара зегьы ҭахеит.
Ирласу амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнак РИА Новости иазеиҭеиҳәеит аҳаирплан ахькаҳаз ааҩык рыԥсыбаҩ шырбаз. Аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа цоит.
МАКС-2021. День четвертый - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2023
Урыстәыла
Пригожин икаҳаз аҳаирплан иҭаз апассаџьыр рсиа дахыԥхьаӡалоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0