Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба ԥыржәеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевая подготовка подразделений ВДВ на полигоне в зоне СВО
Боевая подготовка подразделений ВДВ на полигоне в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2023
Анапаҵаҩра
Арратә операциа иалагазар, УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: аҳаирпланқәа 462, авертолиотқәа 246, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 6012, азенит-ракетатә комплексқәа 433.
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Херсонтәи аобласт аиланхарҭа Львово, Харьковтәи аобласт аиланхарҭа Михаиловка, Днепропетровсктәи аобласт аиланхарҭа Искра, ДЖәР аиланхарҭа Красногоровка рҟны Урыстәылатәи аруаа украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба ԥыржәеит", - аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчагатә шьақәгылақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 42.
"Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчагатә шьақәгылақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ԥшьба, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 42 ", - аҳәоит адырраҭараҿы. Иара убасгьы иеиқәыԥхьаӡоуп ЛЖәР, ДЖәР, Запорожиатәи, Херсонтәи, Харьковтәи аобластқәа.
Арратә операциа иалагазар, УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: аҳаирпланқәа 462, авертолиотқәа 246, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 6012, азенит-ракетатә комплексқәа 433, 11476 танки акәылӡымашьынеи, ареактивтә системақәа 1144, артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи 6024, 12408 ак автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0