https://sputnik-abkhazia.info/20230826/lasha-ashba-urystyla-aynarrat-duma-adelegatsia-idikyleit-1047691428.html
Лаша Ашәба Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа идикылеит
Лаша Ашәба Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа идикылеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа Пиотр... 26.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-26T19:55+0300
2023-08-26T19:55+0300
2023-08-26T20:05+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
лаша ашәба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0a/1045192013_0:161:3068:1887_1920x0_80_0_0_78d850c641d6f0bc86a2d0c4990b74e0.jpg
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба идикылеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа.Аҭагылазаашьа ихы иархәаны, Лаша Ашәба Аҳәынҭдума адепутатцәа Пиотр Толстои Оҭари Аршбеи, иара убасгьы Урыстәыла ахада Владимир Путини иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны аганахьала ргәаанагара еснагь ишыҟац иахьыҟоу.Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Пиотр Толстои инаҵишьит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара - ареспублика қәыԥш азы адагьы, Урыстәыла аҭоурых азгьы акыр шаҵанакуа. "Ари амш акраҵанакуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азы адагьы, ҳара ҳтәыла Урыстәыла азгьы. Урыстәылазы уи раԥхьатәи шьаҿан асуверенитет аиура азҵаараҟны. Анаҩс иҟан Ҟрым, уажәы Украина иҷыдоу арратә операциа цоит, арҭ ахҭысқәа зегьы, ус акә, егьыс акә, ҳхада Владимир Владимир-иԥа Путин ихьӡ иадҳәалоуп. Зегь реиҳа ихадоу - урҭ рыла Урыстәыла амилаҭтә интересқәа ааирԥшуеит", - иҳәеит иара.Толстои иажәа иацҵо иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыиашьаратә еизыҟазаашьақәа акыр шәышықәса еиқәырханы ишаарго, уи Урыстәыла акыр ахә ашьоит иҳәеит иара.Иара убас иара иазгәеиҭеит апарламентбжьаратә комиссиа аусеицура иацнаҵоит ҳәа. Даара акраҵанакуеит Ԥсоу аҳәааҿы иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥ ареконструкциа апроект ибзианы хылаԥшра аҭара, аинформатикеи иԥсабаратәым аинтеллект аусхк аҟны аусеицура азҵаарақәа иҳәеит иара.Оҭари Аршба иакәзар, инаҵишьит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рнапы ишану имариам азҵаарақәа рацәаны, агәыӷрагьы ааирԥшит VII ааԥхьара урҭ рыӡбара шалшо.
https://sputnik-abkhazia.info/20230826/volodin-lasha-ashba-asny-akhyshymra-azkhaara-amsh-idinyaleit-1047688982.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0a/1045192013_169:0:2900:2048_1920x0_80_0_0_d05bab9aad261bd3823495083923ab6f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, лаша ашәба
Лаша Ашәба Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа идикылеит
19:55 26.08.2023 (ирҿыцуп: 20:05 26.08.2023) Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа Пиотр Толстои Оҭари Аршбеи.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба идикылеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа.
"Нанҳәа 26 2008 шықәса - Аԥсны иахьатәи аҭоурых аҟны реиҳа иалукааша арыцхәқәа иреиуоуп. Ҳара уи ацәанырра ӷәӷәа, агәырӷьара ҳзацуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзы адагьы, аӡәырҩы ҳҩызцәа рзы", - иҳәеит Ашәба, асасцәа аԥсшәа раҳәо.
Аҭагылазаашьа ихы иархәаны, Лаша Ашәба Аҳәынҭдума адепутатцәа Пиотр Толстои Оҭари Аршбеи, иара убасгьы Урыстәыла ахада Владимир Путини иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны аганахьала ргәаанагара еснагь ишыҟац иахьыҟоу.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Пиотр Толстои инаҵишьит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара - ареспублика қәыԥш азы адагьы, Урыстәыла аҭоурых азгьы акыр шаҵанакуа.
"Ари амш акраҵанакуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азы адагьы, ҳара ҳтәыла Урыстәыла азгьы. Урыстәылазы уи раԥхьатәи шьаҿан асуверенитет аиура азҵаараҟны. Анаҩс иҟан Ҟрым, уажәы Украина иҷыдоу арратә операциа цоит, арҭ ахҭысқәа зегьы, ус акә, егьыс акә, ҳхада Владимир Владимир-иԥа Путин ихьӡ иадҳәалоуп. Зегь реиҳа ихадоу - урҭ рыла Урыстәыла амилаҭтә интересқәа ааирԥшуеит", - иҳәеит иара.
Толстои иажәа иацҵо иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыиашьаратә еизыҟазаашьақәа акыр шәышықәса еиқәырханы ишаарго, уи Урыстәыла акыр ахә ашьоит иҳәеит иара.
Иара убас иара иазгәеиҭеит апарламентбжьаратә комиссиа аусеицура иацнаҵоит ҳәа. Даара акраҵанакуеит Ԥсоу аҳәааҿы иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥ ареконструкциа апроект ибзианы хылаԥшра аҭара, аинформатикеи иԥсабаратәым аинтеллект аусхк аҟны аусеицура азҵаарақәа иҳәеит иара.
Оҭари Аршба иакәзар, инаҵишьит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рнапы ишану имариам азҵаарақәа рацәаны, агәыӷрагьы ааирԥшит VII ааԥхьара урҭ рыӡбара шалшо.